Ҷкотуа: Гагратәи аԥсуа школ аргылара иарбоу аамҭа иахьаҳагӡоит

Ҩышықәса раахыс аинвестпрограмма инақәыршәаны шьаҭанкыла зыргылара нап арку Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахархәарахь инашьҭхоит иарбоу аамҭазы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 13 - Саида Жьиԥҳа, Sputnik. Гагратәи абжьаратә школ №1, 2019-тәи аҵара шықәс ҿыц азы ахархәарахь анашьҭра иахьӡоит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аобиект аргылара иахылаԥшуа Ҭеимураз Ҷкотуа.

2019 шықәса рзы аԥснытәи ашколқәа хԥа рремонт хыркәшахоит

Ҷкотуа иҳәеит иахьазы аҵаратә корпусқәеи, аспорттәи акттәи залқәеи рҿы адашьма ақәҵара, ауадақәа рҟны ашәқәа рҿаҵара, ахыбра адәахьала ашәра, ашҭа ариашара иадҳәалоу аусурақәа нап шдырку.

Ауадақәа зегь рҿы, урҭ хыԥхьаӡарала 70 рҿынӡа иҟоуп, 90 % аҩнуҵҟатәи аусурақәа мҩаԥгоуп, ишьыхуп, ишәуп, аԥенџьырқәа ҿаҵоуп, асаркьақәа ҭасоуп. Афымцатәии, аӡымҩангагатәии, аҳауеиҭарсратәии, амцаҽацәыхьчаратәии системақәа ирыҵаркуа амыругақәа зегьы шьақәыргылоуп.

"Аҵаратә корпусқәа руадақәеи, аспорттә зали рҿи алинолеум ақәҵара ҳаҿуп, акттә зал аҿы - аӷәы. Ааигәа иҿаҳҵеит, арҭ амшқәа рзы иаҳзаараны иҟоу акласстә уадақәа рышәқәа. Арҭ аусурақәагьы хара имгакәа ихыркәшахоит. Абжанӡа ҳнеирц акгьы ҳагым, аобиектқәа хыхьтәи ашәыга ахьшьраҟынӡагьы. Иахьа атехника ҷыда аус ауеит ашҭа ариашаразы", - ҳәа ҳаилиркааит аспециалист.

Гагратәи абжьаратә школ №1 уаанӡа обиектк ала акәызҭгьы излашьақәгылаз, уажәы ашҭа хаз-хазы иӷьазӷьазуа иҭагылоуп акорпусқәа ԥшьба - аҵаратәқәа ҩбеи, акттәии аспорттәи залқәа, иарку аиасырҭақәа рыла еиԥшьны. Ашкол ҿыц зныҭрыс иаднакыларц алшоит 700-ҩык ахәыҷқәа.

Ҷкотуа: Гагратәи аԥсуа школ аргылара иарбоу аамҭа иахьаҳагӡоит

2019-тәи аҵара шықәс ҿыц азы, аҭоурых дуӡӡа змоу, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥаҩцәа рыбзоурала иаартыз, ҳхатәы бызшәа ықәыҩуа иахьалагаз, аԥсуара адацқәа ахьоунажьыз Гагратәи абжьаратә школ №1 "Бзиала шәаабеит" ҳәа абиԥара ҿыц аднакылартә еиԥш ашәқәа шаанартуа азы агәыӷра ҳамоуп.