2019 шықәса рзы аԥснытәи ашколқәа хԥа рремонт хыркәшахоит

© Foto / Саида ЖибаГагра ақалақь ашкол №1
Гагра ақалақь ашкол №1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ашколқәа рҿы аклассқәа зегьы ҭәуп. Аҭагылазаашьа аиӷьтәразы даҽа ҵараиурҭак аарттәуп иҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. 2019 нҵәаанӡа ихыркәшахоит Ҭхьынатәи ашкол аргылареи Гәдоуҭатәи ахԥатәи абжьаратә школ акапиталтә ремонт азуреи. Иара убасгьы хара имгакәа ихыркәшахоит Гагра ақалақь ашкол №1. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

Аҟәатәи ашколқәагьы аремонт зҭахны иҟоу маҷым, иаҳҳәап Баграт Шьынқәба ихьӡ зху ашкол иҳәеит иара.

"Ашкол акласстә уадақәа азхом, арахь аҵараҵаразы иааиуа рхыԥхьаӡара уи иаднакылартә иҟоу раасҭа акыр еиҳауп. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгазар, аҭагылазаашьа акыр еиӷьхон", - иҳәоит иара.

Аҳҭнықалақь ашколқәа рҟны аклассқәа иахьынӡахәҭоу аҵкыс иҭәуп иҳәеит иара.

"Закәанла класск аҿы 25 иреиҳамзароуп. Иреиҳахар, акласс еихшатәуп. Аха иахьа иҟоуп 35-40-ҩык ахьтәоу аклассқәа", - иҳәоит Какоба.

Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Какоба: аҵара асистема аиӷьтәра уадаҩуп ахәыҷбаҳчақәа разымхара азҵаара ӡбамкәа

Убри адагьы иҟоуп апроблема – аҭаацәа рҵаҩык далкааны рхәыҷқәа анынарышьҭуа ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Убри азы ақалақьи араионқәеи рҵаратә усбарҭақәа анапынҵа рыҭоуп аԥхьа иргыланы ашколқәа раионла ирыҵаркуа ахәыҷқәа рыдыркылаларц. Аҭыԥ ҟалар, егьырҭгьы рыдкылара ҟалоит", - иҳәеит иара.

Аминистр игәаанагарала, Аҟәа даҽа аԥсыуа школк иадамхаргьы иаарттәуп.

Аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьымыцхәу акласс аҿы аҵаратә процесс ианыруеит иҵоурамкәа ҳәа азгәеиҭоит аминистр.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0