Афотоцәыргақәҵа "Кавказтәи аҳәырԥсарра аԥсабара" ҟалоит Риҵатәи апарк аҿы

Рашәара 27 рзы имҩаԥысраны иҟоу афотоцәыргақәҵа "Кавказтәи аҳәырԥсарра аԥсабара" ахь инарго аусумҭақәа нарыгӡеит Кавказтәи аҳәырԥсарра аҭҵаарадырратә усзуҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҿы рашәара 27 рзы имҩаԥысуеит афотоцәыргақәҵа "Кавказтәи аҳәырԥсарра аԥсабара" ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит апарк аекологиатә дырра аҟәша аиҳабы Анжела Цәышба.

"Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк еиуеиԥшым апроектқәа мҩаԥнагоит: ашьха ҵакырақәа рыхьчара, абиологиатә еиԥшымзаара ахьчара, иӡуа аԥстәи аԥсаатәи рыхкқәа рыхьчара уҳәа убас егьырҭгьы. Арҭ апроектқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи апаркқәеи Кавказтәи аԥсабара-биосфератә ҳәырԥсарреи аус рыцнауеит", - лҳәоит лара.

Аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны афотоцәыргақәҵа "Кавказтәи аҳәырԥсарра аԥсабара" мҩаԥгазарц ҳаилаӡеит лҳәоит лара.

Риҵатәи амилаҭтә парк аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара 20% иацлеит>>

"Афотоцәыргақәҵа мҩаԥгахоит аӡиа Риҵаҿ. Ицәыргақәҵахоит 50 инарзынаԥшуа аусумҭақәа", - азгәалҭоит аҟазауаҩ.

Цәышԥҳа лажәақәа рыла, асасцәа Аԥсныи Риҵатәи апарки рыԥшӡара абаразы алшара роуеит.

Апроект еиҿыркааит Кавказтәи аҳәырԥсарреи Германиа аԥсабара ахьчараз Ахеилаки (NABU).