Риҵатәи амилаҭтә парк аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара 20% иацлеит

© Sputnik Томас ТхайцукРиҵатәи амилаҭтә парк
Риҵатәи амилаҭтә парк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк адирекциа ишазыԥхьагәарҭо ала лаҵара 1 - 10 рзы апарк иаҭаараны иҟоуп 5000-ҩык инадыркны 8000-ҩык рҟынӡа.

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара 20% иацлеит 2019 шықәса рзы уаанӡатәи 2018 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит апарк адиректор Рита Лолуаԥҳа.

"Астатистика ишаҳнарбо ала сынтәатәи ашықәс раԥхьатәи ахымз рыҩныҵҟа апарк аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара 20% иацлеит. Аҳауатә ҭагылазаашьақәа шыҟалаша ҳаздырам аха сынтәа аҭааҩцәа еиҳа еиҳахап ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа лҳәоит Лолуаԥҳа.

Аныҳәамшқәа рзы Риҵа иаҭааз асасцәа рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа еиҵан

2016 шықәса рзы Риҵатәи апарк иаҭааит 608 нызқьҩык, 2018 шықәса рзы – 397 нызқьҩык. тысяч человек. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк адирекциа ишазыԥхьагәарҭо ала лаҵара 1 - 10 рзы апарк иаҭаараны иҟоуп 5000-ҩык инадыркны 8000-ҩык рҟынӡа ҳәа лҳәоит адиректор хада.

"Хәышықәсоуп гәдоуҭатәи ДРСУи ҳареи ҳаилаӡоижьҭеи амҩа иагу аҟаҵаразы. Абнахьчаҩцәа ракәзар асоураан икаҳаз аҵлақәа, амахәқәа ихжәаз амҩа иаԥырыргоит. Акоммуналтә усуҩцәа ракәзаргьы аӡиа Риҵа аҟынӡа амҩа дрыцқьоит", - ҳәа еиҭалҳәоит Лолуаԥҳа.

Аусурақәа мҩаԥгоуп Гегтәи аӡхыҽҽахьы узланеиуа амҩаҿгьы. Атехника ахархәарала аӡышьҭра ԥсахуп. Кәыҿба иашҭа адольменқәа рахь амҩагьы аҭыԥ иқәырҵеит. Ауадҳара асы шьҭоуп, атехника макьаназ уахь изхалом.

Риҵатәи амилаҭтә парк ХХ ашәышықәсазы милаҭтә ҳәырԥсарраны ишьан. Апарк иаҵанакуеит 390 метр ԥшьыркца.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0