Аҳәаахьчаҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҩы аҳәаа ахыгара аԥдырҟәҟәааит

Аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны, баџьда Урыстәыла аҵакыра алагалара ҟалоит хԥа-хәба литра аҩы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Аҳәаахьчаҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҩы аҳәаа ахыгара аԥдырҟәҟәааит. Арыжәтә рбеит автомашьына ВАЗ 2109 акәыр цҵа аҭаҵарҭаҿы ишыҵәахыз. Абри атәы аанацҳауеит Шәача аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Амашьына зхатәыз Краснодар атәылауаҩ гәҭакыс иман 22 ԥаҭлыка аҩы Аԥснынтәи закәаншьаҭада алгара.

Иара иажәақәа рыла, аҩы ихазы игон. Урыстәыла арыжәтә аалыҵ алагалашьа азакәанқәа сыздырамызт ҳәа иҳәеит.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭынлыҵ аиагаразы аҽазышәарақәа еиҳахеит>>

Аалыҵи амашьынеи ырбаандаҩуп. Арыжәтә аекспертизахь инашьҭуп, административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп.

Апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит баџьда Урыстәыла аҵакыра алагалара ҟалоит хԥа-хәба литра еиҳамкәа арыжәтә ҳәа.