Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭынлыҵ аиагаразы аҽазышәарақәа еиҳахеит

© Foto / Пресс-служба Сочинской ТаможниКонтрабанда сигарет в тачке на Псоу, 3 июня 2019
Контрабанда сигарет в тачке на Псоу, 3 июня 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса актәи азыбжаз закәаншьҭада Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭынлыҵ аиагаразы ихацыркуп административ еилагаратә ус.

АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иаларгало асигарет лых 17,5 рыла еиҳахеит ҳәа аанацҳауеит Шәача аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Контрабанда сигарет в тачке на Псоу, 3 июня 2019 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәылауаҩ изакәанамкәа аҭаҭын ахыгара иҽаназишәоз аҳәааҿы даанкылоуп

Ашықәс иаалагазар, Евразиатәи аекономикатә форум адгьылҵакырахь аҳәаа иахыганы закәаншьаҭада аҭаҭынаалыҵ аиагаразы ихацыркуп 207 ус, ирымхуп 4 125 ҭоԥ асигарет. Ииасыз ашықәс иара абри аамҭазы - 126 ус хацыркын, ирымхын 235 ҭоԥ асигарет.

Ахаша, аршәара 12 рзы аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы иаанкылан автомашьына "Даймлер Крайслер", зыҵаҿы аҵәахырҭа ҭыԥ аҵаҟаҵаз. Уа иҵәахын шәкы инарзынаԥшуа аҭаҭын ҭоԥқәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Амашьына зтәу, Аԥсны атәылауаҩ аҳазалхратә декларациа хеимырҭәааӡеит, атауар аиагара азин ҟазҵо ашәҟәқәа имамызт.

Атауари автомашьынеи ырбаандаҩуп. Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Административтә зинеилагара ҳәа ҩ-уск аартуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0