Раԥхьаӡа акәны амина зыԥшаауа алақәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын

Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа 12 гектар зҵазкуа аҭыԥ еимырдеит аминақәа зыԥшаауа алақәа рыманы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа ишәарҭоу аполигонқәа ррыцқьаразы раԥхьаӡа акәны амина зыԥшаауа алақәа рхы иадырхәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи арратә база антитеррор аҟәшақәа аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Убри аан иазгәаҭоуп аруаа иԥжәо ашьақәгылақәа шырыԥшаауаз ИНВУ "Коршун" алеи аметаллԥшаага "ИМПС" алеи. Иԥжәоз ашьақәгылақәа аҭыԥ аҿы ирҭҟәацын.

Аусурақәа мҩаԥысуан ишьақәыргылоу астандартқәеи ашәарҭадара аҭахрақәеи ирықәыршәаны ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

12 гектар инарыҵаркуа еимырдеит урыстәылатәи аррамаҵзурауаа амина зыԥшаауа алақәа рыманы. Аԥшаарақәа реиҳарак мҩаԥысуан ашьха-бнаратә ҭыԥқәа рҟны.

Апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала алақәа арахь иааган Москватәи аобласт аҿы иҟоу Урыстәыла арратә мчрақәа амаҵзуратә лақәа рааӡара 470-тәи ацентр аҟынтә.