Урыстәылатәи арратә база антитеррор аҟәшақәа аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Foto / Пресс-служба ЮВОУрыстәылатәи арратә база
Урыстәылатәи арратә база  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауснагӡатә мҩаԥган Ермантәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҵакыраҿы, Аладатәи арратә округ аруаа ахьгылоу.

АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Урыстәылатәи арратә база антитеррор аҟәшақәеи арратә полициеи аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит Ермантәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҵакыраҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура анапхгаҩы Вадим Астафьев иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруааи авиациеи - Sputnik Аҧсны
Аҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны арратә авиациа Аԥсныҟа иаашьҭуп

"Аҽазыҟаҵарақәа раан аррамаҵзурауаа акәылӡтәы автомашьынақәа "Тигри" "Тайфуни" рыла абаза арратә қалақьқәа рҵакыра ахьчаразы апрактикатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит", - ҳәа иҳәоит Астафьев.

Ашәарҭадаратә система агәаҭараан аррамаҵзурауаа аус рыдырулеит арратә полициа рнырра азҵаарақәа. Иара убасгьы иҭҵаан антитеррор аҟәшақәа апрактикатә ус разыҟаҵашьа.

Иааидкыланы ауснагӡатә иалахәын зықьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, 70 ак арратә техника, акәылӡтәы транспартиорқәа БТР-82А, ашьаҟауаа реибашьыга машьынақәа БМП-3, аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәагьы абрахь иналаҵаны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0