Аԥсуаа ақәа шыларышьҭыз, ма амҳаџьырцәа Ҭырқәтәыла Ацуныҳәа шыддырбаз

Ҳмилаҭтә бзазара иузаҟәымҭхо иадҳәалоу, ҳазхаҵарақәа рахь иаҵанакуа Ацуныҳәа адацқәа ашәышықәсқәа иргәылсуеит. Уи адоуҳатә мчы ҳажәлар иахьыҟазаалак ирыцуп. Ус шакәу агәра узырго ҭоурыхтә хҭыск ҳазхьалырԥшуеит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иазлырхиаз лынҵамҭаҟны.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Есышықәса, аԥхынразы, аԥсуаа, ааигәа-сигәа инхо аигәылацәеи аиуацәеи рҽеидкыланы, рхы рныҳәарц, аарҩара ҟамларц, аҽаҩра бзиа ҭаргаларц азы Ацуныҳәа мҩаԥыргоит иазалхны ирымоу аҭыԥ аҟны. Арахь имҩахыҵуа ауаа зегьы рхы ргәы цқьаны иааиуазар ауп, ииашамкәа ацәажәара, ма ацәҳара ҟалаӡом.

Мчыла зыԥсадгьыл иахырцо есымша ахынҳәра дашьҭоуп

Иршьуа ашьтәа андырмазеилак, аныҳәаҩ агәи агәаҵәеи арасамахә иахаҵаны, аҩы цқьа ацәца иҭаҭәаны иуаажәлар иныҳәоит, анаҩс зегьы агьама дирбоит. Ацуныҳәа ақыҭақәа рыдагьы, ақалақьқәа рҟынгьы иазгәарҭоит. Гаграа ракәзаргьы, ҵакырала рҽеиҩшаны, Мамзышьха ашьапаҟны аҭыԥқәа азԥҵәаны аныҳәара еиҿыркаауеит.

Ҳара ҳаиланхарҭаҿы, 36 ҭӡы ацуныҳәа ҳалахәуп, ныҳәаҩс иҟоугьы саб Владимир Жьиба иоуп. Есышықәса, ацуныҳәа амҩаԥгара амш анааигәахалак, имҳәац џьшьа, саб игәалаиршәоит, иабду иашьа Пас иажәабжь...

...Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, Мгәыӡырхәантәи сабду иабду иҭаацәеи гәыԥҩык рқыҭауааи Ҭырқәтәылаҟа иахган. Иахьыӡхыҵыз дәҟьаҟьаран, адгьыл ҩаны аиҟәԥара иаҿын. Ахҵәацәа ирымаз амаҭәахәқәа рыла хыҵакырҭас қьалақәак ргыланы иҩналеит, амлакреи, ачымазареи, аԥсҭбареи ирылаԥшуа...

Ҽнак зны, аԥсуаа рҽеидкыланы иахьтәаз, ҽцәақәак рызнеит. Ирыцыз аҭырџьман зегьы иреиҳабыз дааиԥхьан, "Аԥсны аарҩарақәа раан, ақәа леирц азы аныҳәара ҟашәҵоит ҳәа ҳлымҳа иҭасит, убри аҵыхәала абра ҳааит" иҳәеит. Аԥсуа бырг ихы ааирҵасын, ааи ҳәа наиаҭеикит.

"Џьанаҭ сымҩахыҵит"

"Ахҵәацәа иреиҳабыз, ирыдҵаалаз агәра диргеит, иҵабыргны, ҳазшаз аԥсабара алԥха риҭарц азы аԥсуаа ацуныҳәа шымҩаԥыргоз. Иреиҳәеит уи имаҷымкәа акәамаҵамақәа шацу, насгьы ишилшо уи аиҿкаареи амҩаԥгареи", - еиҭеиҳәоит саб.

Аҭырқәцәа иахәҭаз зегьы рхахьы иргеит. Аныҳәаҩ ирыдиҵаз ҵаҟатәимаҭәа ҿыц изырԥшааит, иааргеит ацәашьы злихша ацәацқьа, хышықәса иреиҵамыз, ирхәаз аџьма шкәакәа, акыр аџьабаа адырбалеит, аха иқәдыршәеит аҩыцқьа.

Ашьҭахь, аныҳәаҩ шәеиза ҳәа анрылеиҳәа, аҭырқәа нхацәа рҽеидыркылеит ирзалиԥшааз, аӡыхь ахьыҵҵуаз, аҵлақәа ирыбжьакыз адәҳәыԥш аҟны, иахәҭаз афатә, ажәтә рыманы.

"Аԥсуа бырг дныҳәаныԥхьо, анцәа диашьаԥкит. Иажәақәа зегьы аҭырџьман еиҭеигон. Ишанханы, ихәаԥшуаз аҭырқәцәа раԥхьа ауаҩы иакәымкәа, Еиҳау амчқәа аагылашәа рбеит. Аныҳәаҩ иажәа далгаанӡа, амҵ ԥыруазар иуаҳаратәы ҭынчран. Анаҩс, уиаҟара ацәажәара ҟамҵакәа, ԥшьала еидтәаланы акы инацҳаит. Аӡәыр агәрамгара имазҭгьы, аҵхыбжьон ацуныҳәа амаӡа аатит. Иалагеит ақәаршыҩ. Хымз раахыс ӡкәарак зымбацыз адгьыл аԥсы ахалеит", - иажәабжь иациҵоит Владимир Жьиба.

Ҭырқәтәыла имҩаԥгаз ацуныҳәа аӡбахә хара ицеит. Уи нахыс, "аԥсуаа - ақәа лазышьҭыз" ҳәа ирышьҭан, аҭыԥантәи ауааԥсырагьы ҽакала ахҵәацәа рганахь рхы мҩаԥырго иалагеит, изларылшоз алагьы ацхыраара рырҭон. "Арҭ аԥсабаратә мчы ршьа иалоуп, амаӡа бызшәала еицәажәоит" ҳәа ирыцәшәозгьы ҟалеит.

Нурҭен Балԥҳа: аԥсшәа ҵаны Аԥсныҟа сцоит

Ари ажәабжь, саныхәыҷыз аахыс исаҳауан, аха уажәоуп схаҿы ианааи иагәылаҵәаху аҵак ду.

"Аԥсуаа ақәа шыларышьҭаз" шаҳаҭс иамоу сабду иаб иашьа Пас усҟан дхәыҷын, аха атәым дгьыл аҟны аԥсуа изхаҵара амч шацәымӡыз уамашәа ибо, иеиҵбацәа ирзеиҭеиҳәон, ус иахьанӡагьы иааит.

Ари аҭоурых атәы ансгәалашәа, исымҳәар залшом Ҭырқәтәылаҟа иагаз саб ишьҭра алахьынҵа. Дареи даҽа гәыԥҩык аԥсуааи аҟабардақәеи хышықәса ааҵуаны, бырзен ӷбарныҟәцаҩык ибзоурала Аԥснытәи агаҿахь аӡхыҵра рылшеит.

Имаҷымкәа ауадаҩрақәа ишрыниазгьы, рыԥсадгьыл аҟны наӡаӡа рышьаҭа адыркит.