Беиаԥҳа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку афотоцәыргақәҵазы: ҳаиҷаҳауеит
© Sputnik
"Ари афотоцәыргақәҵа ҳаиҷаҳаны изҳадаҳкылаз, афотоколлекциаҿы дыҟоуп аԥсуа ҷкәын, Дырмит Гәлиа иԥа Владимир. Уажә ааигәоуп иара иҭоурых аҭҵаара ианалага. Владимир Гәлиа аибашьраан аҭҟәара дақәшәахьазааран, аԥшаарақәа рҿы ишьҭра ихылан ишнеиуаз, Франциа иӡит. Ари апроект мҩаԥысуан Москвагьы. Даара игәцаракны имҩаԥаҳгарц ҳҭахуп ҳаргьы. Афотоцәыргақәҵа дарбанзаалак аӡәы игәаҵаҿы имнеир залшарым ҳәа сгәы иаанагоит", - лҳәеит Беиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.