Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Беиаԥҳа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку афотоцәыргақәҵазы: ҳаиҷаҳауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМзиа Беиаԥҳа
Мзиа Беиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 21 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы иаатуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку ацәыргақәҵа. Аекспозиациаҿы иҟало, насгьы ацәыргақәҵа аҵак атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа.
Беиаԥҳа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иазку афотоцәыргақәҵазы: ҳаиҷаҳауеит

"Ари афотоцәыргақәҵа ҳаиҷаҳаны изҳадаҳкылаз, афотоколлекциаҿы дыҟоуп аԥсуа ҷкәын, Дырмит Гәлиа иԥа Владимир. Уажә ааигәоуп иара иҭоурых аҭҵаара ианалага. Владимир Гәлиа аибашьраан аҭҟәара дақәшәахьазааран, аԥшаарақәа рҿы ишьҭра ихылан ишнеиуаз, Франциа иӡит. Ари апроект мҩаԥысуан Москвагьы. Даара игәцаракны имҩаԥаҳгарц ҳҭахуп ҳаргьы. Афотоцәыргақәҵа дарбанзаалак аӡәы игәаҵаҿы имнеир залшарым ҳәа сгәы иаанагоит", - лҳәеит Беиаԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0