Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара

Sputnik

Леиаа рныҳәа ажәытәӡатәи аамҭақәа иргәылган еиқәырханы иааргоит иахьагьы. Ари аныҳәаҿы ихадароу аныхаԥааҩи ачакәаҳацәеи роуп. Аныҳәа амҩаԥгара идлоит шықәсык аҳамӷә зыҩнаҭаҟны иҟоу аԥшәма. Аҳамӷә иацуп ақәаби ачаҟәеи.

Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу

Аныхаԥааҩ аныҳәарҭа ҭыԥ аҿы ашьтәақәа ҩба ишьуеит. Урҭ рҟынтәи руакы ауп дзыхныҳәо. Аҭыԥ ахь инеиуа ахацәа заҵәык роуп. Аҳәса агәыи агәаҵәеи "иԥшьоу ачеи" ргьама рбар ҟалаӡом. Ачакәаҳацәа хазы ирзалху аҭыԥ аҿы еидтәалоит. Урҭгьы хазы аныхаԥааҩ дрыхныҳәоит.

Амш зегьы ныҳәак еиԥш имҩаԥыргоит. Аилашәшәымҭаз ашәа ҳәо аҳамӷә шьҭыхны даҽа ҩнаҭак ахь иргоит. Уи уаҟа исаслоит ҳаԥхьа уажәаанынӡа.

Мгәыӡырхәа ақыҭан Леиаа рныҳәара шымҩаԥысыз иазку авидеонҵамҭа шәахәаԥш абра>>

 

1 / 18
Леиаа рныҳәаҿы ихадароу аҭыԥ ааныркылоит аныхаԥааҩи быжьҩык ачакәаҳацәеи.
2 / 18
Ачакәаҳацәа агәырӷьа жәабжьқәа еибырҳәоит.
3 / 18
Аныҳәа зыҟны имҩаԥысуа аԥшәма Захар Леиба иҩнаҭаҿы аҽазыҟаҵарақәа цоит.
4 / 18
Амаҵуцәа абысҭа руеит.
5 / 18
Аныҳәарҭа аҭыԥ аҿы ихаланы, аџьмашьтәақәа ирыхныҳәаны иршьуеит.
6 / 18
Ашьтәа аԥсы шҭоу арӷьа шьапала икнарҳауеит.
7 / 18
Ачакәаҳацәа "иԥшьоу ача" рнапы аларкит.
8 / 18
Ашылеиқәаҵәа иалху амажәа еизеиҟараны ԥшь-кәакьк змоу аҳамӷә иқәырҵоит.
9 / 18
Агәылацәа аҩнаҭаҟны иҟарҵо аныҳәатә еишәа ачыс аздырхиоит.
10 / 18
Аныҳәа иахәҭакуп ихадароу аԥсуа чысқәа.
11 / 18
Аилаџь ашә алыҵәҵәа, ибарақьаҭӡа аишәа иқәдыргылоит.
12 / 18
Аҷкәынцәа ҿарацәа "иԥшьоу ача" аӡра иахылаԥшуеит.
13 / 18
Ачакәаҳацәа рзы хазы изыхныҳәаз аӡыс иара аныҳәагатә маҭәарқәа иреиуоу ақәаб иҭаҵаны иржәуеит.
14 / 18
"Иԥшьоу ача" анӡлак ашьҭахь абыӷьқәа ақәхны, ирыцқьан иҟарҵоит.
15 / 18
Аныхаԥааҩи быжьҩык ачакәаҳацәеи еиқәныҳәоит.
16 / 18
Аныҳәарҭа аҭыԥ ахь инаргаз аҳамӷә иқәу "иԥшьоу ачеи", агәи, агәаҵәеи аныхаԥааҩ дрыхныҳәоит.
17 / 18
Аныҳәарҭа ҭыԥ ахь инеиуа ахацәа заҵәык роуп.
18 / 18
Ахацәа зегьы аҭыԥ аҿы ахьа абыӷьқәа нышьҭаҵаны, еидтәаланы акрырфоит. Аахәлаанӡа еицгәырӷьо аамҭа рхыргоит.