Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражҳәаҩцәас измоу
Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражҳәаҩцәас измоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәса амшаԥы иашьҭааиуа абыжьбатәи ахашазы имҩаԥыргоит Леиаа рныҳәа. Аныҳәаҿы ихадароу аҭыԥ ааныркылоит ачакәаҳацәа быжьҩыки аныхаԥааҩи. Ахьтәы ҵәҵәеи, Маанааи Леиааи ирзеибаузи, аныҳәа аҭоурыхи ртәы лзеиҭарҳәеит ари аныҳәа иаҭааз Есма Ҭодуа. Ишәыдаагалоит лара Sputnik иазлырхиаз анҵамҭа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Леиаа рныҳәа акыр азҿлымҳара змоу ажәлатә ныҳәарақәа иреиуоуп. Ари аныҳәа иахьагьы ибзианы еиқәырханы иааргоит уи ажәлантәқәа. Иазгәаҭатәуп, дара рыжәлагьы ажәла дуқәа ишреиуоу, аиҳараҩыкгьы Мгәыӡырхәа ақыҭа иалҵыз роуп. Аныҳәарагьы ахьымҩаԥырго ари ақыҭаҿоуп.

Ақәа анауша - ақәа аруы, амра аныԥхаша - амра рԥха: ацуҭа рныҳәа Ацуныҳәа>>l

Сынтәа уи аиҿкаара идын Захар Леиба, аныҳәа ахәҭак ахьымҩаԥысуазгьы уи иҩнаҭаҿоуп. Арҭ ажәлантә ишырзаԥу ала, аныҳәа аныхдыркәшо аҳамӷә зыҩнаҭаҿы инарго иоуп уи амҩаԥгарагьы здыло. Убас, Захар Леиба ҵыԥх уажәааны аҳамӷә инапы ишадыркыз ала, амҩаԥгарагьы иара идлеит.

Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәараҟынтәи афотоҭыхымҭақәа шәрыхәаԥш абра>>

Аҳамӷә - амгьал ықәҵаны ахәышҭаараҿы иахьырӡуа ԥшь-кәакьк змоу аӷәы ауп. Уи аҵыхәаҟны аҿарԥарҭа аманы иҟоуп - иара ахькыдкнарҳало изҿадырԥо, агәҭа икылгьежьаан икылҵәоуп – уаҟа агәи агәаҵәеи зхарҵо арасатәы лаба кылырдоит. Шықәс дуӡӡак аҳамӷә зыҩнаҭаҿы иҟоу аԥшәмацәа иаӷьыр ҟалом, иакәым рҳәар ҟалом, ишәиир ҟалом, ҳаҭырла иныҟәыргароуп. Иара ишкәакәоу ақәыршә ақәыршәны иҟарҵоит. Иара аныҳәаҿы иҟоу зегьы џьара ԥсрак иақәшәаны иҟазаргьы, еиқәароу ари амш азы иршәырҵаӡом. Иазгәаҭоуп ари аҳамӷә ишацу изыхныҳәо ақәаби аҩы зларжәуа ачаҟәеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳамӷә - "иԥшьоу ача" ықәҵаны ахәышҭаараҿы иахьырӡуа ԥшь-кәакьк змоу аӷәы.
Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу - Sputnik Аҧсны
Аҳамӷә - "иԥшьоу ача" ықәҵаны ахәышҭаараҿы иахьырӡуа ԥшь-кәакьк змоу аӷәы.

Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара иазку авидеоҭыхымҭа шәахәаԥш абра>>

"Абри ҩыџьа шәарыцара иахьцаз, аҷкәын аӡәы дычмазаҩхеит. Абри аҭыԥ аҿы аџьма ааины хынтә ирбеит. Уара абри ихәаразы иаанагазар ҟалап, иаҳшьыпи рҳәан, абас иахныҳәеит. Убри аамышьҭахь абас иныҟәго ҳаауеит. Ари заҟа шықәса ахыҵуа здыруада... Нас иара аҭыԥ аҿы аџьҵла ду гылоуп, убри ахьтәы ҵәҵәа аман. Абри аҵәҵәа Маанаа ирӷьычт, иахьыргаз уаҳа ирымбаӡеит. Убри аамышьҭахь дара рыззегьы нҵәеит, абри аҩадахьы рҳаҭгәынқәа гылоуп, уаҩ даанымхеит", - ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит аныха амчра азгәҭо Валери (Константин) Леиба.

Амԥараа рныҳәара Аг-ныха ахыркәшаратә ритуал - Sputnik Аҧсны
Амҧараа рныҳәара – Аг-ных ажәытәи аҿатәи реиҿырҧшра амҩала

Аныҳәара ҟарҵоит аџьҵлақәа рымҵан. Ари аҭыԥ иԥшьоу ҭыԥны ирыԥхьаӡоит. Уахь хаҵамзар (15-16 шықәса ирҭысхьоу), аԥҳәыс днеир ҟалаӡом. Аныҳәара икуп аныхаԥааҩ Рудик Леиба. Хазы иалхуп ачакәаҳацәа (урҭ еснагь жәҩык, ма фҩык ыҟазар ауп рҳәоит дара). Дара рыԥсы ҭанаҵгьы уи амаҵ рулароуп.

Сынтәа иҟаз фҩык ачакәаҳацәа дрыдыркылеит иҿыцыз даҽаӡәгьы. Дара рызегьы зықәрахь инеихьоу аҳәса цқьақәа ҳәа ззырҳәо роуп. Ачакәаҳацәа реиҳабы Цицина Леиба-Анҭалаа 88 шықәса дырҭагылоуп. Ачақәаҳара ианалагогьы, дныҳәаныԥхьаны аԥхьа лара лнапы налылшьуеит, нас уи аџьабаа лмырбакәа, лықәра апату нақәҵаны, егьырҭ афҩык иркәаҳауеит. Дара рызегьы аԥшәмаԥҳәыс иҿыцу акасқәеи, аԥыраҳәақәеи, ачабрақәеи надлыркуеит. Нас, рча кәаҳаны, хыхьи ҵаҟаи ахьа абӷьқәа рықәҵаны, аҳамӷә инықәҵаны ирӡуеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАныхаԥааҩ ачакәаҳацәа дрықәныҳәоит.
Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу - Sputnik Аҧсны
Аныхаԥааҩ ачакәаҳацәа дрықәныҳәоит.

Акәырбан – аҿаҭахьа шрықәырҵои, уи анагӡашьеи ирызку зҵаарақәак>>

"Иахьа абри ача иаҳкәаҳауа аныҳәарҭа ишатәу ала, алԥха ҳаманы, агәыԥха ҳаманы, ҳхәыҷқәа иахьыҟазаалак, дыӡӷабума, дыҷкәынума, зегьы џьара-џьара иҟоуп, иахьыҟазаалак ҳәа иадкыланы убас иахныҳәоит. Ҳныҳәаны иаҳкәаҳауеит, аџьыкхыш аҳҭаӡом, аӡи ачашыла еиқәаҵәеи рымацара. Ҳнапаҿы иааиратәеиԥш, еиҵакәаҳаны ибзианы... Ианаҳӡуагьы, ачашыла ҵаҟа иаҵаԥсаны, абыӷьқәа ақәҵаны, ақьырмыт ааргоит аҷкәынцәа, ахәышҭаара ршны, нас убра иқәырҵоит, акәиц хыхь иақәрыԥсоит. Нас, иҟалеит анаҳгәахәлак, ирыцқьаны, ашкәакәа нақәыршәны, аныҳәара астол иқәаҳҵоит", - ҳәа ҳзеиҭалҳәеит ачакәаҳацәа реиҳабы Цицина Леиба-Анҭалаа.

Аираа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Аираа рныҳәара

Ашықәсан хаҵа ицаз аҭыԥҳацәагьы ари амш азы иааины рныха иамҵаныҳәоит. Аныхаԥааҩ урҭ рзы хазы дара иааргаз дахныҳәоит. Аха уи лыԥшәма уахь днеиуам. Урҭ арахь иааргар ҟалоит дара рхәыҷқәагьы, шықәсык еиҵоу рыда. Ҿыц иаҵагыло ахәыҷқәагьы хазы аԥҳәыс еиҳабы илныҳәоит. Сынтәагьы Леиаа рныҳәарҭаҿы ҿыц иаҵарныҳәаз ахәыҷқәа ыҟан. Егьырҭ ашықәсқәа рзы рнеира-рааира иаҳа имариахоит. Иара аԥшәма иҩнаҭаҿы иҟаиҵо (ахарџь зегьы ихала иоуп изду) аишәаҿы акәзар, ажәытә иҟарҵоз аилаџьи, ахарҵәи, ачаҳаржәқәеи мацара ракәызҭгьы, уажәы "акьынтпынтқәа" ацлеит рҳәоит аиҳабацәа. Аҳәса ашьтәеи ачеи агьамагьы рбар ҟалаӡом. Ачакәаҳацәа хазы аныхаԥааҩ иныҳәоит, урҭ рзы аӡыс ршьуеит. Нас ирзалху аҭыԥ аҿы хазы инеидтәалоит.

Ақәаб акныхра – ажьрацәара рныҳәара>>

Ахацәа еиҳабацәа аныхаԥааҩ раԥхьа днагыланы ашьтәақәа аныҳәарҭа ҭыԥ ахь инаргоит. Рхылԥақәа нархыхны зегьы мрагыларахь рхы нарханы игылоит. Аныхаԥааҩ дныҳәаны, ашьтәақәа ишьуеит – руакы адгьыл аҿы икажьны, егьи аԥсы шҭоу арӷьа шьапала аҵла ихшьны. Абри аҵыхәтәантәи агәи агәаҵәеи ауп ашьҭахьгьы даҽазныкгьы дзыхныҳәо. Ацәа иахырхуа, уи атәыҩақәагьы иара уа аҵла ихыршьуеит. Акәац иара уа иржәуеит. Амш аҩбатәи азбжазы ашәа ҳәо шьапыла уахь инаргоит иԥшьоу ача зну аҳамӷә. Аныхаԥааҩ агәи агәаҵәеи аҩы ачаҟәа иҭаҭәаны дрыхныҳәоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАныхаԥааҩ иԥшьоу ачеи, агәи, агәаҵәеи дрыхныҳәоит.
Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу - Sputnik Аҧсны
Аныхаԥааҩ иԥшьоу ачеи, агәи, агәаҵәеи дрыхныҳәоит.

"Алԥха Анцәа иҟаҵа, аарыхра бзиа ҟаҵа, ақәа хааны иаҳзауа, амра хааны иаҳзыԥхо! Уқьҭамхә аазгаз ажәлар ныҳәа! Изахәҭоу еиԥш ҳуқәныҳәоит. Уаҳхылаԥш! Аԥааимбар дуӡӡа илаԥш шәхызааит! Ҽааныбзиала Анцәа шәнаишьҭааит!" – ҳәа ихәымџьар ԥыртны аныхаԥааҩ Рудик Леиба дныҳәоит.

Дныҳәаны данаалгалак, аԥхьа иара агәи агәаҵәеи ргьама ибоит, иара убас ачеи, нас егьырҭ агьама дирбоит. Убри ашьҭахь ауп зегьы аныҳәахь ианаарыԥхьо, кранеицырфо, кранеицыржәуа. Ажәытәан еиԥш иахьагьы адгьыл аҿы ахьаца махәқәа ирықәтәаны акрырфоит аҭыԥ аҟны. Уахь инаргоит досу иҩны ииуз абысҭа, иара убас аџьыкхыш. Акәаци абри заҵәык ауп аҭыԥ аҟны ирфогьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеиаа рныҳәарҭахь инеиз ахацәа ахьа абӷьқәа ирықәу абысҭеи, акәаци, аҩи ирыдтәаланы креицырфоит.
Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу - Sputnik Аҧсны
Леиаа рныҳәарҭахь инеиз ахацәа ахьа абӷьқәа ирықәу абысҭеи, акәаци, аҩи ирыдтәаланы креицырфоит.

Ианааилашәшәалак, акранырфа-акраныржә ашьҭахь, аҳамӷә шьҭыхны, ашәа ҳәо, ҳаԥхьа имҩаԥыргараны иахьыҟоу аҩнаҭа аиҳабы иахь инаргоит. Иааиуа ашықәс азы уи аиҿкаара инапы ианырҵеит Гәырам Леиба.

архивтә  фото - Sputnik Аҧсны
Ашәаа рныҳәара: фы-жәлантәык реицныҳәара Адуахә ахьӡала

Аныҳәа игәырӷьаҵәа иаԥылоит. Амш зегьы шәаҳәарыла, кәашарыла ирхыргоит, ажәытәан ампыл асра, аиқәԥара ҟарҵон, аҽырхәмарра ҟарҵон. Ари амш азы ахысра ҟалаӡом. Ажәытәан аиӷацәагьы ари амш азы еиндраалон.

Иалкаатәуп, аханатә ари аныҳәа Леиаа рхала ракәызҭгьы иалахәыз, нас иаларҵо иалагеит егьырҭ ажәлақәагьы, иалалар зҭаху аӡәгьы мап ицәаҳкуам рҳәоит. Аԥхьа егьырҭ ажәлақәа рҟынтәи Леиаа рныҳәа иалалаз Гәынаа роуп. Аха аҳамӷә аӡы иахысыр ҟалаӡом рҳәоит, уи еимыздо Мгәыӡырхәаа заҵәык роуп.

Иахьагьы ари аныҳәара архаикатә ҟазшьақәа еиқәырхоуп. Иубоит уи иамҵаныҳәо ауаа гәыкала ишазыҟоу. Аиҳаракгьы ачакәаҳацәа рыстатуси, рыцқьареи, рдуреи ухнахуеит. Урҭ ражәақәа ҟәандаӡа сгәы дырҭәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0