Иблыз аҟәатәи ашкол еиҭашьақәдыргылоит ахада ирезервтә фонд ала

Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҟны лаҵара 2 2019шықәса рзы амцакра ҟалеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Заанаҵтәи аинформациала Аԥсны ахада ирезервтә фонд аҟынтәи 70-75 миллион мааҭ нашьҭхоит абжьаратә школ №2 ахыб аиҭашьақәыргыларазы ҳәа иҳәеит Жәлар реизара аилатәараҿы афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.

Абылра иақәшәаз ашкол №2 ахыб аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит

Жәлар реизара адепутатцәа ареспубликатә биуџьет аԥсахрақәа аларгалеит. Адокумент апунктқәа ируакуп арезерв фонд 350 миллион рҟынтәи 443 миллион мааҭ рахь ашьҭыхра.

Афинансқәа рминистр иажәақәа рыла ахада ирезервтә фонд аизырҳара ашкол №2 аиҭашьақәыргылара иазырхоуп.

"Ҳәарада 93 миллион мааҭ зегьы ашкол ацхыраарахь инашьҭхом. Ирацәоуп ҳапроблемақәа. Урҭ зегьы афинанстә ҵаҵӷәы рыҭатәуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахада ирезервтә фонд аҟынтәи 70-75 миллион мааҭ нашьҭхоит абжьаратә школ №2 ахыб аиҭашьақәыргыларазы.