ААК ашәҟәы иҭанагалеит акандидатцәа ралхразы раԥхьатәи аԥшьгаратә гәыԥқәа

Аԥсны ахадас дҟалар алшоит иааиԥмырҟьаӡакәа хәышықәса Аԥсны инхо ахаҿы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит Алмас Џьапуа кандидатс иалхразы раԥхьатәи аԥшьгаратә гәыԥи Леонид Ӡаԥшьба кандидатс иалхразы аполитикатә партиа "Акзаареи" ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит алхрақәа рыҿҳәара анахаразы Аконституциа азакәан аԥсахрақәа

"Аҭаҩра ҳалагеит закәанла ишьақәыргылаз аҿҳәара инаркны амзартә план инақәыршәаны", - иҳәеит иара.

Аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи ашәҟәы рҭагалара ҩеижәамш рыҩныҵҟа имҩаԥыслоит ҳәа иҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Аполитикатә партиақәа аизара дуқәа мҩаԥганы акандидат ихьӡ рҳәароуп. Апартиа акандидат изы ажәадгала аныҟарҵа ашьҭахь ААК аҿы ашәҟәы дҭагалахоит", - иҳәеит Гогьиа.

Гогьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара шымҩаԥысыз

Аԥсны ахадас дҟалар алшоит иааиԥмырҟьаӡакәа хәышықәса Аԥсны инхо ахаҿы.