Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара шымҩаԥысыз

© Sputnik / Томас ТхайцукТамаз Гогия
Тамаз Гогия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрахь акандидатцәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара раԥхьатәи амш шымҩаԥысыз атәы.
Гогьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара шымҩаԥысыз

"Амш иалагӡаны иахьа ашәҟәы иҭагалан Аԥсны ахада иалхрахь кандидатс иқәгылоу Алмас Џьапуа иҟынтә аԥшьгаратә гәыԥ, анаҩс Леонид Ӡаԥшьба иполитикатә партиа. Дара ашьҭахь имҩаԥыргароуп аизара уаҟоуп апартиа аҟнытә иқәдыргыло акандидатгьы иӡбахә ахьеилкаахо. Агәыԥқәа ираҳҭеит анаҩс иҟарҵаран иҟоу ашьаҿақәа ртәы зҳәо ашәҟәы. Дара ҩнызқь иреиҵамкәа анапынҵақәа еизыргароуп, амал ирымоу азы адекларациа хадырҭәаароуп, анаҩс абызшәа ахьынӡардыруа атәы зҳәо акомиссиа иахысроуп", - ҳәа азгәеиҭеит Гогьиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0