Аԥхьатәи Жәларбжьаратәи Шьаҟрылтә ԥхьарақәа аатит Аҟәа

Еицырдыруа аԥсуа бызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор Константин Шьаҟрыл диит 120 шықәса раԥхьа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 27– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еицырдыруа аԥсуа бызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор Константин Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазку Аԥхьатәи Жәларбжьаратәи Шьаҟрылтә ԥхьарақәа рпленартә еилатәара аатит Аминистрцәа реилазаара азал аҿы рашәара 27 рзы.

Аҟәа иаартын афотоцәыргақәҵа "Шьаҟрылаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны"

Апленартә еилатәара ааиртит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба. Иара иазгәеиҭеит Константин Шьаҟрыл лаҵара 20 1899 шықәса рзы диит, убри ахьӡала агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститути агуманитартә ҭҵаарақәа Ҟарачы-Черқьессктәи аинститути жәларбжьаратәи аконференциа амҩаԥгара ахәҭаны ирыԥхьаӡеит ҳәа.

"Константин Шьаҟрыл активла далахәын Аԥсны имҩаԥысуаз ауаажәларратәи аполитикатәи ԥсҭазаара, аԥсуа литературатә бызшәа анормақәеи Аԥсны атопанимикеи рҭышәныртәалараз акомиссиа далахәылан активла аусура мҩаԥигон. Иҭҵаарадырратә, ирҵаҩратә, иуаажәларратә лшамҭақәа рзы ианашьан аорденқәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа", - иҳәоит Ашәба.

Константин Шьаҟрыл Аԥснытәи АССРи Қырҭтәылатәи ССРи рҟны зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ҳарак иаҭәашьан.

Аԥхьатәи Жәларбжьаратәи Шьаҟрылтә ԥхьарақәа аатит Аҟәа

"Ҩ-томк иҟаз аԥсуа бызшәа Ажәар аԥҵаразы иаҭәашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа. Константин Шьаҟрыл иусумҭақәа ԥхьаҟагьы адырра ду ҟарҵалоит ҳбызшәа аҭҵаараҿы", - иҳәоит Ашәба.

Апленарнартә еилатәара алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылоит атәыла ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа.

"Константин Шьаҟрыл аԥсуа лингвистика ашьаҭаркыҩцәа дреиуоуп, ифундаменталтәу иҭҵаарақәа хәызмаӡам лагалоуп аԥсуа бызшәадырреи Кавказ абызшәақәардырреи рзы. Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы ишьардаӡоуп иара илагала", - ҳәа атәыла ахада инашьҭымҭа даԥхьоит Занҭариа.

Аконференциа мҩаԥысуеит рашәара 27 - 28 рзы. Иара рхы аладырхәырц арахь иааит Москва, Даӷьысҭан, Нхыҵ Уаԥстәыла, Чечниа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черкесск рҟынтәи аҵарауаа дуқәа.

Еицырдыруа аԥсуа бызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор Константин Шьаҟрыл диит 120 шықәса раԥхьа.

Инапы алакын аԥсуа культура, абызшәадырра, ҷыдала - афонетика, аморфологиа, асинтаксис, алексикологиа, алексикографиа, афольклор, алитатура.