Аҟәа иаартын афотоцәыргақәҵа "Шьаҟрылаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны"

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа иаартын афотоцәыргақәҵа "Шьаҟрылаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны"
Аҟәа иаартын афотоцәыргақәҵа Шьаҟрылаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Шьаҟрылаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны" захьӡыз афотоцәыргақәҵа аартын аҳәынҭкарратә музеи ахыбраҟны нанҳәамза 23 аҽны, аҩаша.

АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. "Шьаҟрылаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны" захьӡыз афотоцәыргақәҵа аартуп еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ, аҵарауаҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа 90 шықәса лхыҵра инамаданы.

Ацәыргақәҵа иаҭааит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, уи ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа, ауаажәларратә-политикатә усзуҩцәа, аҵарауаа, аус лыцызуаз, лҵаҩцәа, дыздыруаз.

"Ари ацәыргақәҵа иаанырԥшуеит Шьаҟрылаа рҭаацәара аԥсуа ҳхәынҭқарра аргылараҿы ирылшаз. Дара знысыз амҩа ду аҟны еснагь аԥсуа милаҭ ахьӡ ҭыргон, идырӷәӷәон. Ҭамара Платон- иԥҳа анык леиԥш дыссзыҟан, лыԥхара сыцуп иахьагьы. Лара лцәажәарала, ҳаимак-ҳаиҿак аҭышәынтәалараз аинышәара дашьҭан, иҟалҵоз зегьы аҳәынҭқарра ахьӡ ашьҭыхра иазкын. Аиашазы, даҳзымыхьчеит, лыҟамзаара ҳныԥшуеит", — ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

Алингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа илҳәеит еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы, аҵарауаҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лнаукатә усура ганрацәала ишеибаркыз, аԥсуа бызшәа аморфалогиеи асинтаксиси рыҭҵаараҟны лызнеишьа иахьагьы аҽаӡәы ишиламҩашьо.

"Ҭамареи сареи ҳаибалырдырит лара лаҳәшьа, сара рҵаҩыс исымаз Екатерина Шьаҟрылԥҳа. Сара аҩбатәи акурс аҟны аҵара сҵон. Аҵарашықәс аанҵәаанӡа, ес-хаша, алекциақәа рышьҭахь сара Ҭамара Платон-иԥҳа лахь сныҟәон ҽазыҟаҵара ҳәа. Ҭамара Платон-иԥҳа лыԥсҭазаараҟны Аԥсны аинтересқәа иреиҳаны акгьы лыргыломызт. Ҳара даҳцәыӡит аҵарауаҩ ду, аҿар рымҩақәҵаҩ, арккаҩы", — ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ.

Аԥсны ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа инаҵшьны иазгәеиҭеит, Шьаҟрылаа аиашьара аԥсуа милаҭ аидеологиа ахыҵхырҭаҿы ишгылаз. Рнапы злакыз шырацәаз, уи аҭҵаарадырра, арҵаратә, арратә усқәа.

"Шьаҟрылаа рнапы ианыз аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иџьашьахәып. Аԥсны аҭоурых иазбжоуп, епохак ыҟоуп. Дара изнысыз амҩеи, рхәыцшьеи, идырҿиаз адунеи ҳәаԥшреи цқьа иҭыуҵаар доктортә диссертациак уыҩратәы иҟоуп. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ирдыруеит Николаи Шьаҟрыл аурыс офицер Тарнау ишәҟәқәа рҿы дышцәаргоу. Дара рылшара аҭоурых иазынхоит", —  ҳәа иҳәеит Занҭариа.

Аԥсуа бызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа ркандидат, апрофессор, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа 90 шықәса лхыҵра инадҳәаланы иаартыз афотоцәыргақәҵа аиҿкаара лыбзоуроуп Аида Хонелиаԥҳа. Лара лцәажәараҿ иҭабуп ҳәа ралхәеит адгылара лызҭаз зегьы.

"Ацәыргақәҵа ахықәкы хада акоуп — аҿар ирдырырц Шьаҟрылаа рҭаацәара рҭоурых, рылша. Авагылара сызҭаз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит", — лҳәеит Хонелиаԥҳа.

Афотоцәыргақәҵа "Шьаҟрылаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны" иаартызаауеит цәыбрра 10-нӡа.

Ҭамара Шьаҟрылԥҳа еицырдыруа аԥсуа бызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа ркандидат, апрофессор, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы, акыр наукатә статиеи шәҟәи дравторуп. 1955 шықәса инаркны Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны рҵаҩы еиҳабыс дыҟан, нас аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра раԥхьатәи анапхгаҩыс. Агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут аҟны наукатә усзуҩ еиҳабыс аус луан. Ҭамара Шьаҟрылԥҳа аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла далахәын. 1952 шықәса рзы лара Сталин изылышьҭит иаарту ашәҟәы Аԥсны имҩаԥигоз аполитика даҿагыло.

2004 шықәса абҵара 12 рзы, Аԥсны имҩаԥысуаз атәыла Ахада иалхра иахҟьаз аилаҩеиеиласрақәа раан дыршьит. Владислав Арӡынба Иқәҵарала "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.

Есышықәса, цәыббра ҩба рзы, Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лымшира аҽны, Аԥсны имҩаԥыргоит агәалашәаратә уснагӡатәқәа. Аус лыцызуаз, лҵаҩцәа, дыздыруаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа дахьынхоз аҩны аҟны икыду амемориалтә ӷәы амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.


Ажәабжьқәа зегьы
0