Касланӡиа: Аԥсны ахадарахь акандидатцәа рзы аԥышәара аԥҟарақәа аԥсахрақәа алаҳгалеит
© Sputnik
"Аӡәы аԥсуа бызшәа иҭихьеит ҳәа ихы дақәиҭаҳтәуазар, егьырҭгьы аԥышәара зҭихьоу иақәиҭаҳтәуеит. Хәышықәса раԥхьа акәымкәа жәашықәса раԥхьа аан изҭииз акандидатцәа, урҭ еиҭарҭиир акәхоит, избанзар, усҟан иҟаз аԥҟарақәа рҽеиҭаркит. Усҟан акомиссиа иҟанаҵаз ақәҵараҟны, уажәтәии аиқәымшәарақәа ыҟоуп аҟнытә аԥсахрақәа алаҳгалеит. Хәышықәса раԥхьа акомиссиа ишьақәныргылаз аԥҟарақәа ҳанрыхәаԥш, ибзиоуп ҳәа иҳадаҳкылеит", - ҳәа азгәеиҭеит Касланӡиа.
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса ԥхынгәы 25 рзы.
Алхратә комиссиа хада акандидатцәа рықәыргыларазы адокументқәа рыдкылара иалагеит рашәара 26 рзы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.