Аҳәынҭқар ихыԥша шьҭызхуа, мамзаргьы ахада иԥшәмаԥҳәыс ауаажәларраҟны лроль

Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ, аетнолог Марина Барцыцԥҳа дазааҭгылоит традициала аҳәынҭқар иԥшәмаԥҳәыс статусс илымази иахьатәи аамҭазы ҳуаажәларратә ԥсҭазаараҟны уи рольс иналыгӡар лылшои.
Sputnik

Аҳәынҭқар иԥшәмаԥҳәыс лыстатус (институт первой леди) иаҳа-иаҳа аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоит иахьатәи аамҭазы, мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа рыдагьы, итрадициатәу мрагыларатәи аҳәынҭқаррақәа рҿгьы, Китаи аума, Иапониа, убасҵәҟа уаанӡа СССР иалаз, иаҳҳәап абжьаратәи азиатәи аҳәынҭқарра ҿыцқәақәа рҿгьы. Аҳәынҭқар иалхраан уи хазы абжьы шлырымҭогьы, лҭакԥхықәра закәанла ақьаад аҟны ишышьақәырӷәӷәамгьы, ажәлар рыԥсҭазаараҿы  лроль, илылшо маҷӡам.

Аԥҳәысмусхә аԥсуаа рытрадициаҿи иахьеи

Аԥсуаа ҳҭоурых, ҳатрадициа ҳазхьаԥшуазар, уи иаанылкылоз аҭыԥ ҳполитикатә культура иацәтәымӡамызт. Кавказ зегьы згом, аха ҳара мраҭашәаратәи Кавказ аԥҳәыс лҭыԥ хазын, ианакәызаалакь адемократиатә традициақәа ҳаман. Иара усҟантәи Европагьы иахьаԥаҳгоз рацәаӡан уи аганахьала.

Ҳара аҳра анҳамазгьы, ианҳамамызгьы аҳқәажә лҭыԥ ыҟан, иналыгӡоз лфункциақәа ианакәызаалакь илыман. Офицалла акәымзаргьы, аҳ иԥшәма лҭыԥ ианакәызаалак иҳаракын, имаҷмызт уи лзинқәа, лныррагьы шамахамзар ихьысҳамызт. Аҭырқәа сулҭанцәа рыҳәсақәа рыбжьара есымша иҟан аԥсуажәлақәа (аҵыхәтәантәиқәа: Маанаа, Ачаа, Гьечаа, Арыдаа, Ешаа, Чыхьаа рҭыԥҳацәа убас егьырҭ ажәлақәа рҟынтәгьы). Хымԥада урҭ ирыхшази ирааӡази дара рхаҭақәеи анырра ҟарҵон аҭырқә сулҭани, Османтәи аимпериеи, Аԥсни реизыҟазаашьаҿы.

Аҩажәатәи ашәышықәса аҭоурых атәы ҳҳәозар, раԥхьаӡа ҳхаҿы иааиуа Нестор Лакоба ду иан Шьахәснеи иԥшәма Сариеи роуп. Ҳажәлар зегьы зҭагылаз атрагеда аамҭазы иара илахьынҵа бааԥс ицеиҩыршеит. Ицеиҩыршеит, аха ишԥарылшеи?!  Соуп зҳәо ахацәа ишрылымшарыз! Урҭ аҭоурых аҿы иаанхеит наунагӡа!

Аҳәынҭқар ихыԥша шьҭызхуа, мамзаргьы ахада иԥшәмаԥҳәыс ауаажәларраҟны лроль

Актәи аледи ҳәа изышьҭоу институтк аҳасабала Американтәи иалагеит ус аԥҳәыс лыхьӡ аҳәара (Иҟалон уа аԥҳәыс дызмам аҳәынҭқар изы иԥҳа, иаҳәшьа, ма иаҳшьаԥҳа анырра ҟазҵо лзы ианырҳәозгьы). Даналырх инаркынгьы дарбан хадазаалакгьы хымԥада анырра иоулоит, иаҳҳәап, иан дыҟазар, иԥшәма лыла, иааигәа иҟоу иуа-иҭахы рыла, уимоу иҭакԥхықәрагьы ицеиҩыршар ҟалоит.

"Насыԥ змаз аҩны": ара инхон Сариеи Нестори

Ҳара Аԥсынгьы есымшагьы, аринахысгьы иалаҳхуа аҳәынҭқар аҭакԥхықәра иҟәаҟә иқәу ирҭаху-ирҭахыму иҭаацәа зегьы ицеиҩыршар акәхоит. Инакәызаалакь уи иԥшәмагьы, ихәыҷқәагьы, ииашьарагьы ирыԥсҭазаашьоу, ирыхныҟәгашьоу, ирхымҩаԥгашьоу – зегьы азҿлымҳахоит, рыҽҵәылхынгьы иазыԥшуа иалагоит. Иаҳҳәап, иара дминистрзаргьы, ихәыҷқәа зҿу, ааӡашьас ирымоу, ирхымҩаԥгашьоу акры аҵанакуеит. Амала ари Кавказуп, Америка еиԥш, схаҵа далшәх ҳәа алхратә кампаниа аан дицныҟәо, ма алхратә биуџьет азы аԥара езгара еиҿылкааум, аха зегьы акоуп абжьыҭараҿ анырра ҟанаҵоит апрезидентрахь акандидат иԥшәмаԥҳәыс илыжәлоу, илышьҭроу урҭ рхыԥхьаӡара, насгьы иахьынӡеидгыло. Акры аҵанакуеит лаҳаҭыр зеиԥшроу, уи лаҟәымзароуп. Алхрақәа раан абжьқәа изаалгар шауа еиԥш уи лымшала абжьқәа ицәыӡыргьы алшоит.

Аҳәынҭқар иԥшәма лмиссиа, зынагӡара лылшо аусқәа ртәы ҳҳәозар, уи, раԥхьа иргылан, аԥкаанҵа (апротокол) ишаҳәо ала дахьаҭаху дгылазароуп. Жәларбжьаратәи апротокол инақәыршәаны иҟоуп ус аиԥыларақәа атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы, ма ҳара ҳҿы иԥшәма дицны днеир ахьиқәнагоу. Иҟалалоит уи аҩыза, иофициалтәымзаргьы адкыларақәа – лара аԥшәмаԥҳәыс лаҳасаб ала, ишлықәнагоу еиԥш асасцәа дырԥыланы иахьлыдылкылаша. Аҳәынҭқар атәымџьара сасра дахьаарыԥхьо, иԥшәма дицны иахьлаҳәоу ыҟоуп - аинаугурациа аума, аныҳәа дуқәа рҿы аума.

Аԥсуаа рытрадициа аҟнытә: аԥҳәыс лзинқәа ирызкны

Ажәакала, официалла акәымзаргьы, адәахьтәи аполитика, аҳәынҭқарра ахыԥша (аимидж) бзиа аиураҿы илылшо маҷӡам аҳәынҭқар иԥшәмаԥҳәыс. Акыр аҵанакуеит убра уи лҵарадырра, лҟәышра, лхымҩаԥгашьа; иҵәылхны иацклаԥшует лҭеиҭыԥш, леилаҳәашьа.

Атәымуаа шәырҟәаҵ, ара аҩнуҵҟа ауп уи иаҳагьы иахьазҿлымҳахо, ажәларгьы уи иацклаԥшуеит, аџьар рҿы дахьаацәырҵуа! Уа лааӡашьа, лдырра, ауаҩы изнеишьа илымоу, лыуаҩышьагьы, лхымҩаԥгашьагьы ҳкультура, ҳатрадициақәа ирықәшәо, еилалымго, леилаҳәашьа астиль аҽынкылара аманы, адресс код иақәшәо дыҟазар рҭаххоит. Иаҳҳәап, ҳатрадициа ишаҵанамкуа ала лмаӷрақәа ҿкәыцәаа лҩыҵра иныҵаԥшратәы, ма лызқәа аартны, агәырӷьарахь акәзаргьы дахьцәырҵуазаалак - ус илџьыршьом.

Еилкаауп, знык лыԥшәма данҳәынҭқарха уи ажәлар рымаҵ ауараҿы ихгьы, иҭаацәагьы, инхара, иҩны-игәарагьы ирыгижьыр акәхоит. Анкьа ас иҟаз ауаа ииашьара, ижәлантә идгылон иара ихатә усқәа рҿы. Ус анакәха, иԥшәма лхәыҷкәа рааӡара аума, иара идгылара аума, анеиааи аума - еиҳа илықәыӷәӷәоит, лус аус ацлоит. Уимоу, ларгьы иахьлыхәҭоу иахьаҭаху ианаҭаху лыжәлар рҿы дгылазар акәзар, уи хымԥада џьара цхырааҩык дылҭаххашт, ус адагьы изыҟалаӡом, Америка ма Европа ишыҟоу (ауалафахәы, ма ацхыраацәа-аусуцәа рыштатқәа шрымоу) еиԥш акәымзаргьы.

Анқәабԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс зегьы дрыхьӡон

Аҳәынҭқар иԥшәмаԥҳәыс дызхаҵгылаша, дыздгылаша аусқәа маҷӡам: агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аспорт уҳәа убас егьырҭгьы. Илылшоит  агәыҳалалратә фондқәа рылахәра, иаҭахызаргьы, урҭ реиҿкаара, иҟалоит хазы игоу ҳәынҭқарратә программак дахагылар. Апрезидент дахьахьымӡаз, дахьақәымшәаз днеир, лыжәлар дрылагылар акгьы амаӡам, уимоу, ргәы иаахәоит, дырхаҵгылт ҳәа ирԥхьаӡоит.

Ныҳәа дуқәак раан аума, џьара ҿыц культуратә ханк ма ашкол ахьаадыртуа аума, мамзаргьы Сентиабр 1 азы аҳҭнықалақь акәымкәа, инахароу қыҭашколк аҟны днеины арҵаҩцәеи ахәыҷқәеи ирыдылныҳәалар, илбар, илаҳар - уи ажәлар рзааигәара ауп иаҵанакуа.

Асоциалтә политикаҿ илылшо рацәоуп. Ҳажәлар рыбжеиҳараҩык ҳәсоуп, ҭыԥҳацәоуп, анацәоуп (анра, ахәыҷра ирыцу апроблемақәа лара еиҳа еилылкаауеит, урҭ лыдгылар ҟалоит уск азы), аҳәынҭқар ибиурократцәа ахацәа уи знапы иану раҵкысгьы лара илныруеит рхьаа.

Аҳәынҭкарреи ауаажәларратә хеидкылақәеи, аҳәынҭқари ажәлари реизааигәара, аҳәса рхеидкылақәа иҳамоу аус рыцура, рыдгылара лылшоит.

Ахада иполитика апропаганда, убасгьы  аидеологиатә функциақәагьы налыгӡар лылшоит.

Аҵыхәтәантәи Аԥсны аҳәынҭқарцәа рыԥшәмацәа зегь рыла - ҵарадыррала, ԥшрала, хымҩаԥгашьала еибыҭаз ракәын, урхашшауа иҟамызт, иҳадмырбеит акәымзар. Аӡәгьы игәы иалымсааит, иҵәахын. Уи ажәлари аҳәынҭқари рыгәреибагара, реилибакаараҿы ирылшоз шырацәазгьы, ахацәа рҳәашьа - аполитика "раларҟьашьра" - рзымгәаӷьит.  Ишыҟазаалакгьы, аринахысгьы Аԥсны ахадацәа рыҳәсақәа ҵәахны, уимоу даҽа ҳәынҭқаррак аҟны иҟаны, рыуаажәлар рахь зныкгьы ицәырымҵуа, дара аҳәынҭқарцәа рхаҭақәа ракәзар, атәымџьарантә аколониахь аамҭала аҳра иаарышьҭызшәа рхы мҩаԥырымгароуп. Аамҭақәа рҽырԥсахит, аамҭа иацныҟәатәуп, уи ҳатрадициагьы иатәым, иахьатәи аамҭагьы ианаалом. 

Раԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы ӡырган

Ҳазлаҟам акы ҳалагап ҳҳәом. Иазгәаҳамҭар залшом, даҽа ганкахьала, ҳара итрадициатәу ҳполитикатә культураҿы ишаԥу еиԥш аҽынкылара шаҭаху. Амцхәгьы ала ахкьакьалара рҭахӡам аԥсуаа. Кавказаа ҳкультураҿы хәыҷык ауаа рҿы аҽынкылара ыҟоуп, аҭаацәаратә еизыҟазаашьа аркуп, ауаа рышҟа ицәырыргаӡом. Иаҳҳәап, иара амашьына аҿгьы, ааигәанӡа шамахамзар, аиҳабацәа иахьырбоз, аԥҳәыс лхаҵа диватәаӡомызт. Уимоу, европатәи аҳәынҭқаррақәа рҿгьы традициала, апротокол ишаҳәо ала, апрезидентцәа рыҳәсақәа аԥхьа игылаӡом. Аҵыхәтәаны, зыԥҳәыс лнапы кны иныҟәо Франциа ахада Емануель Макрон далаҳамҵозар, аха уигьы ажәлар иргәаԥхом: "Ҳара лара лакәӡам, иара иоуп ҳәынҭқарс иалаҳхыз, уажәшьҭа иаԥхьа дгыларгьы цәгьа илбом", - ҳәа агәамҵра иалагахьеит. 

Убри азы ара реиццәырҵрагьы мыцхәцәамзароуп. Аха иҟоуп, ишаҳҳәахьоу еиԥш, ацеремониақәа, аныҳәақәа, атеатр аҿы апремьерақәа аныҟоу, ацәгьа-абзиа, агәалашәаратә мшқәа рзы абаҟақәа рахь рнеира, уҳәа убас егьырахьгьы иахьлыхәҭоу. Аинаугурациа аҽынгьы аҳәынҭқар иԥшәмаԥҳәыс атрибунаҿы дивагыламзаргьы, хымԥада аизара  далахәзароуп, ауаа дырбароуп.

Актәи ҳхада Владисав Арӡынба иԥсы ахьынӡаҭаз, иахьынӡауаз инахараны дгылан Светлана Џьергениаԥҳа, аха иахьагьы иаҳгәалашәоит аиааира хәышықәса аҽны ахақәиҭра ашҭаҿы реицҵәырҵра шаҟа иԥшӡаз, лхаҭагьы усҟан атрибунахь дымнеикәа, ажәлар рҿы даангылт. Ашьҭахь, иара идунеи аниԥсах, иҭынхаз инапҩымҭақәа реиҿкаараҿ, реиқәыршәараз, иара игәы иҭаз, дызхьымӡаз Аԥсны аҭоурых иазкыз ашәҟәқәа рҭыжьразы ихьӡ зху афонд еиҿылкааит, дахагылеит. Уи адагьы, ацәгьа-абзиа лыжәлар дрылагылоуп.

Аҳәынҭқар ихыԥша шьҭызхуа, мамзаргьы ахада иԥшәмаԥҳәыс ауаажәларраҟны лроль

Азыҟаҵареи аԥышәеи змоу аҳәса шҳамоугьы, иахьа ҳполитикатә елита рыбжьара шамахамзар дара убаӡом. Ахада ихаҭыԥуаҩ (вице-президент) имаҵурагьы аԥҳәыс илыдыргалаӡом, урҭ анапынҵақәа рынагӡара ауаа рзааигәара, ԥсабаратәла адипломатиа илылоу иабзоураны аԥҳәыс иаҳа ишылнаалогьы. Иазгәаҳамҭарц залшом Аԥсны ҵарадыррала еиқәшәоу, еиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирылгахьоу аҭыԥҳацәа ахацәа раҵкыс еиҳамзар, ишеиҵам. Иахьагьы, иаҳҳәап, ҳҳәынҭқарратә университет аҟны 8 факультетки ҟәшаки рыҟнытә агронџьныртәи апедагогикатә факультет иатәу абаҩрҵәыра аҟәшеи рыда егьырахь иахабалакь аҭыԥҳацәа еиҳауп, азиндырреи аекономикагьы уахь иналаҵаны. Егьа ус иҟазаргьы, егьа иазыҟаҵазарагьы, аиҳабырахь анеира изыхҟьазаалакгьы ирзымариам. Ус акәзар, ихьысҳау аҳәса ртыԥ еиҳау аполитикаҿы актәи аледи ҳәа изышьҭоу лара лтәалагьы маҷк ихалырҭәаар алшоит. Уи ажәлари аҳәынҭқарра ахадеи рыбжьара дыцҳаны, дыцҳаражәҳәаҩны дҟалоит.

Ажәакала, аҳәынҭқар иарӷьажәҩа иара ихаҭеи аҳәынҭқарреи римидж, рхыԥша ашьҭыхраҿы, аидеологиаҿы, ауаажәларратә дипломатиаҿы иаанылкыло аҭыԥ ӷәӷәоуп, есымшагьы аҵак ду амазаауеит. Уи дыцхырааҩуп, илымоу лылшара аҳәынҭқарразы ахархәара аиуроуп.