Аԥҳәысмусхә аԥсуаа рытрадициаҿи иахьеи

© Foto / Марица Кәарҷиа. Ақыҭа Лыхны. Ковач иҭыхымҭа. Руслан Гәажәба иархив аҟнытәМарица Кәарҷиа. Ақыҭа Лыхны. Ковач иҭыхымҭа. Руслан Гәажәба иархив аҟнытә
Марица Кәарҷиа. Ақыҭа Лыхны. Ковач иҭыхымҭа. Руслан Гәажәба иархив аҟнытә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа уажәраанӡа ҳасасдкылара атрадициақәа еиԥмырҟьаӡакәа иаазго, аҭаацәара еидкыланы изку, аҩны зхагылоу аԥсуа ԥҳәыс лоуп, иахьа лусқәа акырӡа еиқәылазаргьы, абас лыҩуеит аетнолог Марина Барцыцԥҳа.

Марина Барцыцԥҳа, Sputnik

Ахаҵеи аԥҳәыси ажәытәын хаз-хазы хныҟәгашьа рымамызт, иахьа аурбанизациа иабзоураны, уи аҩыза алшара рнаҭазаргьы аамҭа. Аҭыԥҳа ма лашьцәа рҿы, ма дахьныҟәнаго аҩнра дыҟазар акәын. Убасҵәҟа. Иаҳҳәап, ахәыҷкәа змаз ахаҵеибагьы иан иаҳәшьцәа ицхраартә иҟамзар иаарласны ԥҳәыс дааигар акәын. Ахныҟәгаразы, ақыҭаԥсҭазаараҿы аҩнуси адахьтәии реилагӡара акырӡа ицәгьан.

Аԥсуа драматә театр актрисацәа.  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа рытрадициа аҟнытә: аԥҳәыс лзинқәа ирызкны

Абас, аԥсуаа итрадициатәу ркультураҿы, аԥҳәысмусхә/ахаҵамусхә еилыхын, ихазын. Ахаҵамусхә ҳәа иԥхьаӡан: аҩныргылара, адәахьтәи аусқәа - арахәааӡара, адгьыл ақәаарыхра, абаҳча ааӡара, ажь-ашәыр аҭаара, амҿы-амца, иара убасгьы ашәарыцара, абназара уб.иҵегьы. Иаадкыланы, ахаҵа иуалын аҭаацәа рыԥсҭазаара аиҿкаара, рныҟәгара, иҭаацәеи ижәлари рыԥсҭазаареи рыхьыӡ-рыхьымӡӷи ахьчара.

Аԥҳәысмусхә: аҩнусқәа, ахәыҟаҵара, аилыргара, агәар-ашҭа ацқьара, арышҳара-аӡәӡәара; акәты ааӡара, уҭра хәыҷык аҟаҵара, ацәамаҭәа аиқәыршәара (аарыхра, асра, аӡахра, ахахара, аԥара), ахшаара рааӡара, аҭаацәа, аиҳабацәа, асасцәа рбара. Дыԥҳәысеибазар, иахьынӡауаз илывагылан илыцхраауан изылшоз, ауа-аҭахы, агәыла-азла ихьанҭаз ахаҵаус дадыргаломызт –ацәаӷәара, амхҭагалара, амҽы-амца усгьы дара ирусын.

Ишыҟазаалакгьы, аԥҳәыс илусны, ихьанҭақәаз иреиуан ҳәа иаҳԥхьаӡар алшоит: напыла алу аҿы ашыла алагара, убасгьы аӡаагара, уи иахылаԥшуаз анцәахәқәагьы ҳәсоуп (Саунау, Аӡы аҳкәажә).

"Бжьы-мшынк дырхысҭәҳәалт": аԥсуаа аӡы ишазыҟоу

Аԥсуаа рҵас-рқьабз, рныҳәарақәа рҿы, еилагылан ианныҳәоз шмаҷымзгьы, лымкаала аԥҳәыс имҩаԥылгоз аныҳәарақәа рыдҳәалан: адгьыл, аӡы, ахәышҭаара, ахшараиурa убас ирацәаны.

Миаси Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анқәабԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс зегьы дрыхьӡон

Ажәакала, аҭаацәараҿ адәахьтәи аусқәа, ажәлар рҿы аусқәа ахаҵа идзар, аҩнытәи аусқәа, аҩнуҵҟатәи аполитика(ус уҳәар ҟалозар) аԥҳәыс лнапы ианын. Аиҳабацәа ҳаҭырла рбара, асасдкылара; ахшаара аҵас-ақьабз рдыруа, традициала рааӡара; аҭаацәа рҳәоуеиқәшәара, аимак аиҿак маҷны, ачҳара аарԥшны, аби ахшаареи дрыбжьагыланы, уи иаҳаҭыр ахәыҷқәа рҿаԥхьа шьҭыхны изкыз, ус изааӡо ран лакәын.

Иҟоуп, атәымуаа, аныҟәацәа, дара ртәала, наԥшыхахә ирбоз аԥсуа ԥхәыс дзиндоушәа, лҭагылазаашьа хьанҭаны иҟоушәа ианлыхцәажәо. Уи зны-зынла аамҭагьы, аекономикатә ҭагылазаашьагьы ианадҳәалоу ыҟоуп. Иаҳҳәап 19-тәи ашәышықәсазы -аибашьра, аблокада, нас мчыла ахырҵәара – рыдгьыли рыҩнқәеи ирхцаны ианкарцоз, ашьҭахь азиндатә колониатә ҭагылазаашьа анрымаз, агәаҟра ианҭагылаз. Мамзаргьы аколлективизациа аамҭа, уи ашьҭахьтәи аибашьрақәа (1941-45,1992-93 шықәсқәа) рымшала ихьанҭахоз аекономикатә ҭагылазаашьеи, уи амшалагьы илаҟуаз (икаҳауаз) акультура ирыдҳәалоуп.

Аҭрышԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс адунеи аҿы зегь реиҳа иӷәӷәоу ԥҳәысуп

Ажәакала, иааидкыланы иуҳәозар, иҳаҩсыз ашәышықәзазы аколхозқәа анцәырҵ, аԥҳәыс аҽнышьыбжьон амра лхы иқәцеиуа аҭаҭын, ачаи плантациақәа, ма "общий наряд" ҳәа, аколхоз усқәа рышҟа ианлыԥхьа, аџьабааду дҭагылеит. Уимоу лхәыҷқәагьы дыҷкәыноума, дыӡӷабума аплан рықәырҵон. Уи аамҭақәа инадыркны ақәра ду згоз аԥсуаа рынҵыра маҷхо иалагеит.

© Sputnik  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраачаи хыхҩы
Аԥҳәысмусхә аԥсуаа рытрадициаҿи иахьеи - Sputnik Аҧсны
ачаи хыхҩы

Иааидкыланы уахәаԥшуазар, аԥсуаа ҳмилаҭтә традициатә культураҿы аԥсуа ԥҳәыс лҭыԥ, лстатус, лхақәиҭра аҽаԥсахуан лыԥсҭазаарамҩаҿ. Дшыхәыҷыз аҩнытәи аусқәа зегьы лдырҵон, аха илдырҵон ауп - амцхә аџьабаа лдырбомызт. Данҭыԥҳаз зегь реиҳа ахақәиҭреи, аԥсшьареи анлымаз, лынеиааира анԥкымыз ҳәа иԥхьаӡан. Усҟан ауеи-аҭыхыи рышҟа аангылара, алагылара дцон, ацәгьеи абзиеи, ачара-гәырӷьареи аныҳәқәеи дрылахәын. Лара лхатәы аҩны илбоз адагьы иҵегь аҭаацәаратә модельқәа, даҽакала аизыҟазаашьақәа лбон. Уи лыхәон нас аҩнра данцалакь, дахьнеиз аҽанраалараз, аҽаршьцылараз. Ажәакала, аҭыԥҳа дҳәаны дандыртәалак инаркны, аҭаацәара даналалакь, аҭацара анылуаз, аҩнра данцалагь убасҟан аҩны дадҳәалахон. Убри азоуп, ахаҵа иԥшәмаԥҳәыс лыхьыӡ шьаны –"сыԥшәма", "аҩны иҟоу", ҳәа зиҳәоз.

Аҩнра ицаз аԥҳәыс лыԥсы ахьынӡаҭоу аҭацара лур акәын лабхәараа рҿаԥхьа, уи иацыз ахымҩаԥгашьатә етикет дықәныҟәо, аха уигьы раԥхьатәи ашықәсқәа ракәын еиҳа ианџьбараз. Аԥҳәыс лзинқәа, лаҳаҭыр ашьҭыҵра уи нахыс лықәра иадҳәалан. Зегь реиҳа лзин ҳаракын аҳаҭыргьы лыкәын, аҵеира бзиа зааӡаз, зчеиџьыка бзиаз, ҳаҭыр зқәыз аԥҳәыс еиҳабы. Аҩны аҩнуҵҟа иаԥшәымаз, аҭацацәа ахы рызҭоз лара лакәын ("ацаԥхақәа змаз"). Иҟәышыз, акры здыруаз (идырыз) ҳаҭыр ду зқәыз, зажәа ылнадоз аԥҳәыс еиҳабы аҭаацәараҿ, аиуараҿ, уимоу ақыҭаҿ аимак аиҿак, уск анырыӡбоз, аинраалараҿ, иҟаҳҵари ҳәа изызҵаауаз лакәны дҟалар лылшон.

Емма Кәыҵниа-Ашәба - Sputnik Аҧсны
Ԥсуаҵасла аҭацара аныҟәгара: Емма Кәыҵниа-Ашәба лҭоурых

Иахьа ҳазҭагылоу аамҭа ақалақь ԥсҭазаараҿы аԥҳәыс лусқәа ахаҵаусқәагьы ацлеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра, аиҳаракгьы уи иашьҭанеиуаз аблокада амшала аҭаацәара рныҟәгара аԥҳәыс лышҟа ианиасуаз рацәан, иахьагьы еидараны лара илусны ианырыԥхьаӡо ыҟоуп.

Егьырҭ амилаҭқәа рыҿгьы еиԥш 20-тәи ашәышықәса иадҳәалоуп– аԥсуа аԥҳәыс аполитикаҿы лцәырҵра. Убри аамҭақәа инадыркны еиԥшны аҵара роуан ҷкәыни ӡӷаби. Еиҳаӡоу аҵара аиураҿы иахьа аҭыԥҳацәа рпроцент еиҳамзар, еиҵым Аԥсны.

Асовет аамҭа инаркны аполитикаҿы ахацәеи аҳәсеи рзинқәа шеиҟарахазгьы, аҳәынҭқарратә усқәа рҿы, аминистррақәа рҿы аҳәса шыҟоугьы (уажәы ҩыџьа аминистрцәа), иахьатәи ала уахь анеиразы алшара еиҳа ирымоуп ахацәа. Егьа ус иҟазаргьы, ҳаамҭазы аекономикеи, еиҳарак абжьаратә бизнеси, аполитикеи рҿы аԥҳәыс иаанылкыло аҭыԥ акырӡа еиҳахеит.

Ирҳәалоит аҷкәын дуааӡар –ахаҵа дуааӡоит, аԥҳа дуааӡар амилаҭ уааӡоит, ҳәа. Иахьа ахәҷыжәлар зааӡо аҳәса, арҵаҩцәа (урҭгьы зегьы шамхамзар ҳәсақәоуп) ирыбзоуроуп аҿар рбызшәа рдыруа, ркультура, ртрадициа рдыруа иааӡазар.

"Хьӡы алаугааит!" - аҷкәын ахаҵара иазкра аҧсуа традициатә ааӡарала

Аԥҳәыс лхаҵа иааиго дазымԥшкәа, уи дивагыланы лҭаацәа ныҟәылгоит ҳәа даҿызар, лыҩнусқәагьы ирыгмыжькәа, егьырахь аиҳабацәа, излымшо ичымазаҩу абыргцәа, аԥсышәала хьӡы змам ахосписқәа, ма иажәу рыҩнаҿы (дом престрелых) шамахамзар иҟамзар уи зыбзоуроу раԥхьаӡа иргылан лара лоуп.

Зегь рыла, егьа деилахазаргьы, иахьа уажәраанӡа ҳасасдкылара атрадициақәа еиԥмырҟьаӡакәа иаазго, аҭаацәара еидкыланы изку, аҩны зхагылоу аԥсуа ԥҳәыс лоуп, иахьа лусқәа акырӡа еиқәылазаргьы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0