Аҟармаратәи аҟармаҵыс: Европа хызхыз Фатима Чергинӡиа лҭоурых

Аоператә шәаҳәаҩы, иахьа Хмельницктәи акультуратә хан аҟны аус зуа Украина Зҽаԥсазтәыз артистка Фатима Чергинӡиа длыҿцәажәеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.
Sputnik

Ахәыҷра

Фатима Алықьса-иԥҳа, Баслахәҟа, лаб иҩнахьы ԥсшьара дааны дшыҟаз ансаҳа, хаҭала слабадырны слыҿцәажәар сҭаххеит. Лара лахь санымҩахыҵ илашьцахьан аҟнытә аҩны дшыҟоу слыниап ҳәа сақәгәыӷуан. Ашҭа сҭаланы аҩны сазааигәахо саналага, игәасҭеит абарҵа акәырша ашәра дшаҿыз. Сылҭаарц шысҭахыз адырра лысҭахьан аҟнытә, сбара џьамшьакәа, днасԥыланы саамҩахылгеит. Жәабаҟа минуҭ рышьҭахь ихацҳаркит ҳаицәажәарагьы.

Ахәыҷра иазышәаҳәо амузыкант

Украина Зҽаԥсазтәыз артистка диит Тҟәарчал араион, Аҟармара аҳаблаҿы. Ҳаамҭазы Аҟармара "аԥсыгага қалақь" ҳәа ахьӡ ршьоит, аха усҟантәи аамҭазы иара шьаҿа дула арҿиара, аргылара изҿыз қалақь хәыҷын. Уатәи лхәыҷрашықәсқәа лгәаларшәо, ашәаҳәаҩ иазгәалҭоит усҟантәи рабиԥара насыԥ змаз ахәыҷра рыман ҳәа ишылыԥхьаӡо. Фатима бзиа илбон лашьа иахь, Баслахәҟа аара, уа аанҿасра. Иахьа урҭ аамҭақәа данрызхәыцуа лхы-лҿы иаанубалартә ԥхаррак лхыҵуеит, лылаӷырӡгьы аахаҟәҟәалоит.

"Насыԥ ҳаман, избанзар акгьы ҳахьыԥшӡамызт. Иҟаӡамызт аинтернет, иҳамаӡамызт аҭел. Аӡәгьы ахәмаргақәа рыла ҳирцәыцәӡомызт, ҳхала еиуеиԥшым ахәмаррақәа ҳхәыцуан, иҳаргылон ақьала хәыҷқәа, иара убас асцена… Аԥстәқәа бзиа иаҳбон, аԥшәма дызмамыз алақәеи ацыгәқәеи акры рҿаҳҵон, ирыцҳаҳшьон. Аха зегь раасҭа ихадоу, ауаа даараӡа иԥшӡан, ҩнуҵҟатәи ԥсабарала ухырхуан", - илгәалалыршәоит Чергинӡиа.

Аҟармаратәи аҟармаҵыс: Европа хызхыз Фатима Чергинӡиа лҭоурых

Ахәыҷраҿы аиҩызара зеиԥшраз атәы ҳәо, ашәаҳәаҩ иазгәалҭеит аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара изхысыр ҟамлоз аҳәаа шыҟаз. Арԥарцәа рцәаныррақәа аадырԥшырц анырҭахыз, ма цәиккрак анрыласуаз аӡӷабцәа рыхцәԥарақәа ианрыцрыхалозгьы ыҟан. Аха уи ахәыҷра иатәын, еиҳау акгьы рхы иаҭәаршьомызт. Убри аҟнытә иҟан зымчхара дууз агәеизыбылра, адуцәа рҟны еиԥш ахәыҷқәа рыбжьарагьы.

"Аԥсуа ҟармаҵыс" Лиудмила Логәуаԥҳа диижьҭеи 80 шықәса ҵит

Фатима Чергинӡиа дхәыҷаахыс ашәаҳәара агәыбылра шьҭылкаауа далагеит. Уи гәазҭаз лырҵаҩцәагьы лассы-лассы Тҟәарчал имҩаԥыслоз аконцертқәа дрыладырхәуан, аҭыԥҳа маҷ-маҷ ауаа рҿаԥхьа ацәырҵра лҽалыршьцылаларц. Ашәаҳәаҩ лакәзаргьы, акы даҵамхаӡакәа, концерт цыԥхьаӡа сценатә хаҿсахьак азхәыцны, ишақәнагаз лҽеилаҳәаны дықәгылон. Раԥхьаӡакәны аудио кассета иҭаҩыз лыбжьы анлаҳа лара лзы иџьашьатә духеит. Усҟан лхала игәалҭеит лыбжьы иаҵаз аԥшӡара, насгьы агәра лгеит иааиԥмырҟьаӡакәа уи аус адулара шаҭаху.

Акритика акәзар, ибзиаз-ицәгьаз, Фатима Алықьса-иԥҳа еснагь илыдылкылоит. Дарбанызаалак лҟазара аҵыхәала изцәырҵуа агәаанагара лара илзеинтересуп, аха убри аангьы лхаҭа лхы акритика азыҟаҵарагьы дацәшәаӡом. Имӡакәа илҳәеит аконцерт ашьҭахь ахәаԥшцәа еицҿакны лықәгылара дырҽхәаргьы, аҩны дааны, лхаҭа анҵамҭа дахәаԥшны уи агәра лымгакәа лгәы шлызмырҭынчуа. Арҿиаҩы цәаҩала ус дыҟазар ахәҭазар ҟалап. Избан акәзар иара даҽа шьаҿак ԥхьаҟа аҟаҵара илшаӡом, сахьнеиша снеихьеит ҳәа заацәа ихала ихы агәра аиргар. Фатима Алықьса-иԥҳа лакәзар, амаашьареи ахы аус адулареи шьцыларак илзаҩызоуп.

Аԥсуа шәақәа Европатәи асценаҿы

Аоператә шәаҳәаҩы аус луеит Хмельницктәи акультуратә хан аҟны. Лара дышқәыԥшӡаз Украинаҟа нхара диасит. Иаԥылҵеит аҭаацәара, длымоуп аԥҳа. Аԥсны дшацәыхароугьы Фатима Чергинӡиа илхалыршҭӡом лыԥсадгьыл, лбызшәа. Лара лажәақәа рыла лхатәы концертқәа анлымоу еснагь ашәак иадамзаргьы аԥсышәала иналыгӡоит. Еиуеиԥшым алитературатә еиԥыларақәа рахь даннарыԥхьо европатәи ахәаԥшҩы иҿаԥхьа дрыԥхьоит аԥсуа поезиа ашедеврқәа. Иалылкаауеит Баграт Шьынқәбеи Дырмит Гәлиеи раԥҵамҭақәа.

Зарифа Анқәабԥҳа: ауаҩытәыҩса иҩнуҵҟатәи аԥсабара ақыцә "арҳәара" уадаҩуп

"Сара бзиа избоит ҳмилаҭ иатәу изакәызаалак акы атәымуаа рахь ацәыргара алшара ансоууа, еснагь уи аҩыза алшара схы иасырхәоит. Дара ракәзаргьы даараӡа иџьаршьоит ҳбызшәа аԥшӡара, иазгәарҭоит ишырацәоу ацыбжьыҟақәа. Нас саргьы ишсылшо ала иреилсыркаауеит ҳбызшәа ижәытәӡатәиқәоу ишреиуоу, аԥсуа-адыга бызшәақәа ргәыԥ ишаҵанакуа уҳәа. Егьырҭ зегьы раасҭа сара соуп иззыӡырҩуа, убри аҟара аинтерес рызцәырнагоит ҳбызшәа атәымџьара", - исеиллыркаауеит Чергинӡиа.

Аибашьра иацынҵәаз: Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых

Фатима Алықьса-иԥҳа ицәгьамкәа аԥсшәа еилылкаауеит, лҽазылшәоит аҳәарагьы. Лара аҵара ахьылҵоз Аҟармаратәи 3-тәи абжьаратә школ аҟны акәын. Уа аԥсуа бызшәа амаҭәар рымамызт, аха Фатима лаб, Алықьса Хыгә-иԥа Чергинӡиа аиҳабыра рахь кырынтә аҳәара иҟаиҵоз абзоурала уи амаҭәаргьы ашколтә программа иаларгалеит. Ашәаҳәаҩ илҭахуп иахьынӡауа ала лхатәы бызшәа дацәхьамҵларц.

Асцена анҭыҵ

Зхы иақәиҭу аамҭа анлымоу, Фатима Алықьса-иԥҳа бзиа илбоит аҭынчра. Бзиа илбоит илгәаԥхо ҿыханҵак лылаԥш ахымгакәа кыр аамҭа данахәаԥшуа. Лара лажәақәа рыла уи акырӡа дарҭынчуеит, илыланаҵоит иҿыцу мчык. Хәылбыҽхала, ԥсыршьагак аҳасабала асахьаркыратә фильмқәа рыхәаԥшра лгәаԥхоит. Убри аангьы инықәҵа-аақәҵо жанрла афильмқәа еилылхӡом, амала афантастика заҵәык пату лзақәӡам зынӡагьы. Лара лажәақәа рыла урҭ рҟны ҵакык аԥшаара уадаҩуп, лассы-лассы иагьаҭахӡам. Еиҳа иалылкаауеит акомедиа, адетектив ржанрқәа.

Леуард Мхонџьиа: аԥхьарца - жәлар ԥхьаҟа рцагоуп

Фатима Чергинӡиа иаарту уаҩуп, еснагь дазхиоуп ԥсыцқьала аицәажәара. Лара лхаҭа излазгәалҭо ала ауаа рыгәрагара лылоуп, аха зегьакоуп, аԥсҭазааратә ԥышәа излалнарҵаз ала инагӡаҵәҟьаны лхы мацара ауп дзықәгәыӷуа. Ашәаҳәаҩ лыԥсҭазаараҿы макьана агха ҟалымҵаӡац ҳәа лгәы иаанагоит. Егьырҭ рыгхақәа рҿырԥштәала алкаа аҟаҵара ауп лара дзышьцылахьоу.

Раԥхьатәи аԥсуа пианиноарҳәаҩы

"Ауаа досу ирымоу рҟазшьа бзиақәа ралкаара бзиа избоит. Избанзар агәра сгоит, досу ҭеиҭыԥшла рхатәала ишыԥшӡо еиԥш, иԥшӡоуп ҩнуҵҟалагьы. Ауаҩы иагьа иҟазшьа бааԥсызаргьы, дгаӡазаргьы, зегьакоуп иҿуҵааша џьаракы уԥшаауеит, иуҭаххаҵәҟьар. Иаҳҳәап иҽеим ашәаҳәаҩ иуирбоит ииашамкәа ашәаҳәара аҿырԥштәы. Уи иунарҟаҵо алкаагьы акы иаԥсоуп, ари зегьы ԥсҭазааратә ԥышәоуп" - иацылҵоит Фатима Чергинӡиа.

Сызҭаз ауаҩы адунеи аҟны зыбжьы ықәыҩхьо, збаҩхатәра ҳаракгьы азхарҵахьо оператә шәаҳәаҩуп. Аха лара адунеи аҟны иреиҳау акультуратә еилазаара дшалоугьы илхалыршҭӡом дызлиааз лыжәлар, урҭ злацәажәо рбызшәа, изқәынхо адгьыл. Уи дырҵабыргуеит снаскьаго исалҳәаз аҵыхәтәантәи ажәақәа:

"Сара ԥыҭк аҳәынҭқаррақәа еимыздахьеит, аха Аҟармаратәи аӡы аасҭа ихаау даҽа ӡык сымжәӡац, Баслахә еиӷьу ақыҭагьы сыздырӡом".