Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит аӡбарҭақәа рырҿыцра аҿҳәара анахаразы азакәан

Аӡбарҭа аилазаара електронтә формала аиҿкаареи аӡбарҭатә еилатәарақәа раан авидео- аудионҵамҭақәа рыҟаҵареи асистема Аԥсны иаԥырҵарц рҭахижьҭеи ԥшьышықәса ҵуеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аконституциатә закәан "Аӡбарҭатә мчразы" ахь аиҭакрақәа ралагала азԥхьагәазҭо азакәан, абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит ԥхынгәы 5, 2019 шықәсазы Жәлар Реизара иаднакылаз "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан "Аӡбарҭатә мчразы" ахь аиҭакрақәа ралагаларазы" Аконституциатә закәан, уи иазԥхьагәанаҭоит 2019 шықәса абҵара 1 инаркны автоматизациа зызуу аӡбарҭа-информациатә системеи аелектронтә документқәеи рхархәареи, автоматизациа зызуу аӡбарҭа-информациатә система ахархәарала аӡбарҭа аилазаара ашьақәыргылареи, авидеоԥкаанҵақәа рхархәарала аӡбарҭатә еилатәара анҵареи", - аанацҳауеит асаит.

Уаанӡа ахәашазы Апарламент аҟны аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарала ирыдыркылеит ари ашықәс абҵарамза инаркны аиҭакрақәа амч раиуразы ақәҵара.

Аԥснытәи аӡбаҩцәа рырҳамҭақәеи рмазареи рзы адыррақәа кьыԥхьуп

Азакәан ахь аиҭакрақәа иазԥхьагәарҭоит електронтә формала аӡбарҭа аилазаара аиқәыршәареи аӡбарҭатә еилатәарақәа раан авидео- аудионҵамҭақәа рыҟаҵареи.  

Рашәара 25 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаанацҳаит мызкы иҭагӡаны аӡбаратә усеилыргарақәа шымҩаԥнамгало, избанзар аӡбарҭақәа арҿыцрақәа ралагалара иахьымӡаӡацт.

Еимак-аиҿак ахылҿиааит ари апроект афинансыркра азҵаара, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахәшьара шанаҭо ала, уи 30 миллион мааҭ ақртәароуп. Афинансқәа рминистрра акәзар, ари аҟара аԥара ақәныхра иашам ҳәа азыԥхьанаӡеит.