00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥснытәи аӡбаҩцәа рырҳамҭақәеи рмазареи рзы адыррақәа кьыԥхьуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИреиҳаӡоу аӡбарҭа
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа рырҳамҭақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи адекларациа рзуразы" Азакәан амч аиуит ажьырныҳәа 1, 2019 шықәсазы.

АҞӘА, рашәара 1 — Sputnik. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ицәырнагеит аӡбаҩцәеи урҭ рҭаацәеи 2018 шықәсазтәи рырҳамҭақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи.

Презентация новых банкнот Банка России номиналом 200 и 2000 рублей - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аӡбаҩцәа рхашәалеи рмазареи адекларациа рзырулароуп

Убас, Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Нури Ҭаниа адекларациа зызуз ишықәстәи рҳамҭа иартәеит миллионки 450 нызқь мааҭи. Уи ихаҭыԥуаҩ Лиудмила Хоџьашвили илырҳауеит миллионки 530 нызқь мааҭи. Рауль Ԥанҭиа - миллионки 130 нызқь мааҭи.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рырҳамҭақәа маҷк еиҵоуп. Ахантәаҩы Манана Делԥҳа адекларациа азылуит миллионки 300 нызқь мааҭи иҟоу лырҳамҭа.

Уаанӡа адырра ҟаҵан аԥснытәи аӡбаҩцәа рырҳамҭақәеи рмазареи адекларациа рзыруразы адҵа шрыҭаз. Уи азы азакәан амч аиуит ажьырныҳәа 1, 2019 шықәсазы.

Адекларациа азуразы адҵа аӡбаҩцәа рхаҭақәа рыдагьы, рҭаацәагьы аҵанакуеит: урҭ рыԥшәмацәа, зықәра намӡац рхәыҷқәа. Уахь иаҵанакӡом дара рани раби, зықәра наӡахьоу рхәыҷқәеи.

Коӷониаԥҳа лымҩаду: Габниеи Кәыҵниаԥҳаи аӡбаҩцәа рмазара арзара иазкны>>

Азакәан иаҵанакуеит аӡбаҩцәа зегьы, иарбан ҩаӡаразаалакгьы, иарбан инстанциазаалакгьы ирыҵаркуа.

Аԥсуа закәанԥҵара инақәыршәаны, аус зуа аӡбаҩ ддепутатзар ҟалом, иарбанзаалак аполитикатә партиеи ма ҵысреи далахәымзароуп, анаплакра далакымзароуп, аӡбаҩ имаҵуреи зыхә ршәо даҽа маҵураки еилеимыгӡароуп, арҵаҩратә, аҭҵаарадырратә, алитературатә, даҽа ҟазаратә усураки аламҵакәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0