Зҵакы ҷыдоу аҭыхымҭақәа: агәыҳалалратә цәыргақәҵа аатит Аҟәа

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥгахараны иҟоуп ахәыҷтәы ҟазаратә центр "Аинар" аҟны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥгахараны иҟоуп ахәыҷтәы ҟазаратә центр "Аинар" аҟны. Ацәыргақәҵахь инагахоит 22 ҭыхымҭа.

"Арахь иааиуа дарбанызаалак илшоит игәаԥхаз аусумҭа аахәара. Ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рыҭира-цәыргақәҵаан илххо аԥара азырхахоит афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Анела Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәра", - ҳәа еиҭалҳәеит афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Лара излалҳәаз ала, ари аусмҩаԥгатә аинформациатә партниор Sputnik Аԥсныи дареи еилаланы ишаархәаз аҳаҭыртә шәҟәқәа, аҟәатәи ашәҟәыҭирҭақәа ишаздырхиаз аҳамҭақәа.

Зҵакы ҷыдоу аҭыхымҭақәа: агәыҳалалратә цәыргақәҵа аатит Аҟәа

"Сара агәахәара ду снаҭоит ацәыргақәҵа сахьалахәхаз. Ҩ-усумҭак цәырызгеит. Даара исгәаԥхоит ақьаад ахь избо ассиррақәа аниазго", - иҳәеит ацәыргақәҵа алахәыла Орҳан Анқәаб.

Давид Магариан жә-шықәса ихыҵуеит. Иара бзиа ибоит ажирафқәа рҭыхра.

Зҵакы ҷыдоу аҭыхымҭақәа: агәыҳалалратә цәыргақәҵа аатит Аҟәа

Жә-шықәса зхыҵуа Сариа Кьышьмариаԥҳа деигәырӷьоит аҽаӡәы ицхыраара ахьлылшо.

Афонд "Ашана" Анела Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит

Егьырҭ аусумҭақәа инарываргыланы ицәыргахоит лара, Анела Лакашьиаԥҳа лҭыхымҭагьы. Лара зусумҭақәа ықәзыргыло зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәоит, избанзар илгахо аԥара лара лыхәышәтәроуп иззырхахо.

Анела аԥхьаҟатәи ацәыргақәҵагьы аҽалархәра лҽазыҟалҵоит. Уажәнатә иҭылхша асахьа дазхәыцуеит. Илҭахуп Аԥсны аԥсабара ссир ҭылхырц.

Амаҵзура Sputnik Аԥсны апресс-маӡаныҟәгаҩ Илона Авилова иазгәалҭеит амаҵзура ԥхьаҟагьы асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа ахы шрыланархәуа.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥгахараны иҟоуп ахәыҷтәы ҟазаратә центр "Аинар" аҟны ԥхынгәы 8 - 11 асааҭ 13:00 -17:00 рзы.

Зҵакы ҷыдоу аҭыхымҭақәа: агәыҳалалратә цәыргақәҵа аатит Аҟәа

Ауснагӡатә аинформациатә партнер – аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны.