Зҵакы ҷыдоу аҭыхымҭақәа: агәыҳалалратә цәыргақәҵа аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАкультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа
Акультура-гәыҳалалратә фонд Ашанеи Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥгахараны иҟоуп ахәыҷтәы ҟазаратә центр "Аинар" аҟны.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥгахараны иҟоуп ахәыҷтәы ҟазаратә центр "Аинар" аҟны. Ацәыргақәҵахь инагахоит 22 ҭыхымҭа.

"Арахь иааиуа дарбанызаалак илшоит игәаԥхаз аусумҭа аахәара. Ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рыҭира-цәыргақәҵаан илххо аԥара азырхахоит афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Анела Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәра", - ҳәа еиҭалҳәеит афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Лара излалҳәаз ала, ари аусмҩаԥгатә аинформациатә партниор Sputnik Аԥсныи дареи еилаланы ишаархәаз аҳаҭыртә шәҟәқәа, аҟәатәи ашәҟәыҭирҭақәа ишаздырхиаз аҳамҭақәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи.
Зҵакы ҷыдоу аҭыхымҭақәа: агәыҳалалратә цәыргақәҵа аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи.

"Сара агәахәара ду снаҭоит ацәыргақәҵа сахьалахәхаз. Ҩ-усумҭак цәырызгеит. Даара исгәаԥхоит ақьаад ахь избо ассиррақәа аниазго", - иҳәеит ацәыргақәҵа алахәыла Орҳан Анқәаб.

Давид Магариан жә-шықәса ихыҵуеит. Иара бзиа ибоит ажирафқәа рҭыхра.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа
Зҵакы ҷыдоу аҭыхымҭақәа: агәыҳалалратә цәыргақәҵа аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа

Жә-шықәса зхыҵуа Сариа Кьышьмариаԥҳа деигәырӷьоит аҽаӡәы ицхыраара ахьлылшо.

Анела Лакашьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" Анела Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит

Егьырҭ аусумҭақәа инарываргыланы ицәыргахоит лара, Анела Лакашьиаԥҳа лҭыхымҭагьы. Лара зусумҭақәа ықәзыргыло зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәоит, избанзар илгахо аԥара лара лыхәышәтәроуп иззырхахо.

Анела аԥхьаҟатәи ацәыргақәҵагьы аҽалархәра лҽазыҟалҵоит. Уажәнатә иҭылхша асахьа дазхәыцуеит. Илҭахуп Аԥсны аԥсабара ссир ҭылхырц.

Амаҵзура Sputnik Аԥсны апресс-маӡаныҟәгаҩ Илона Авилова иазгәалҭеит амаҵзура ԥхьаҟагьы асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа ахы шрыланархәуа.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аҟәатәи ареабилитациатә центри хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵеи рыҭиреи мҩаԥгахараны иҟоуп ахәыҷтәы ҟазаратә центр "Аинар" аҟны ԥхынгәы 8 - 11 асааҭ 13:00 -17:00 рзы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАри ацәыргақәҵа еизнаго аԥара ззынархахо Анела Лакашьиаԥҳаи, Sputnik Аԥсны апресс-маӡаныҟәгаҩ Илона Авиловеи, афонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳаи.
Зҵакы ҷыдоу аҭыхымҭақәа: агәыҳалалратә цәыргақәҵа аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Ари ацәыргақәҵа еизнаго аԥара ззынархахо Анела Лакашьиаԥҳаи, Sputnik Аԥсны апресс-маӡаныҟәгаҩ Илона Авиловеи, афонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳаи.

Ауснагӡатә аинформациатә партнер – аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0