Пицунда амҩатә машәыр иақәшәаз ҩыџьа атуристцәа Урыстәыла рҽыхәышәтәра иацырҵоит

Ԥхынгәы 8 рзы урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобус маҷ амҩатә машәыр ианиеит Пицунда ааигәара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынгәы 8 рзы урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобус маҷ амҩатә машәыр ианиеит. Амҩатә машәыр иақәшәаз ҩыџьа атуристцәа Урыстәыла рҽыхәышәтәра иацырҵоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит урҭ руаӡәк - Елена Соколова.

"Санкт-Петербургҟа ҳхынҳәуеит сыԥҳаи сареи. Лара лҭагылазаашьа еиҳа еиӷьуп. Сара абаҩԥҵәа сылоуп", - еиҭалҳәоит лара.

Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада амҩатә машәыр азы: ауаа рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам

Ааха зауз атуристцәа рыхәышәтәра, Урыстәыла аҵакырахь рыхынҳәра ахә рыхшәаара ахахьы иагеит ареспубликаҿ атуристтә маҵзура мҩаԥызгоз аԥсуа фирма.

Уаанӡа, ԥхынгәы 8 рзы урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобус маҷ амҩатә машәыр ианиеит, 16-ҩык ауаа ҳзааргеит. Урҭ рҟынтәи макьаназ ахәышәтәырҭа иҭоуп жәҩык, егьырҭ рхы иақәиҭтәуп, урҭ апассаџьырцәа рыԥсҭазаара шәарҭара иҭагылам ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәахьан араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Денис Лавриков иҳәеит аусбарҭа иҟалаз ахҭыс хылаԥшра шазнауа, ахҭыс азы Урыстәыла ААР аинформациа-кризистә центр ахь адыррақәа нашьҭуп ҳәа.

Амҩатә машәыр ҟалеит ԥхынгәы 8 рзы. Автобус маҷ Volkswagen 15-ҩык апассаџьырцәа ҭан.