Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы аԥсуа ҭаацәарақәа аныҳәатә медалқәа рырҭон

Аҭауад Пиотри иԥҳәыс Феврониеи ргәалашәара иазкны аҭаацәа, анасыԥ, агәрагара Рымш азгәарҭоит есышықәса Урыстәыла ԥхынгәы 8 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи аҭаацәарақәа хәба Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы аныҳәатә медалқәа ранашьан ԥхынгәы 8 рзы.

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы аԥсуа ҭаацәарақәа аныҳәатә медалқәа рырҭон

Аԥшьацқьақәа Пиотри Феврониеи рымш аԥсуа ҭаацәарақәа ирыдиныҳәалеит Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.

"Ҳанацәа ҳабацәа, ҳаҳәса ҳхацәа, ҳхәыҷқәа ҳаԥсҭазаара аҵакы арҭоит. Аҭаацәа, ари насыԥуп, бзиабароуп, патуеиқәҵароуп", - иҳәоит иара.

Хра злоу ахҭысқәа: Нанули Басныкԥҳа ақьаӷьариара иазкны

Валентини Инессеи Родинаа еибагеижьҭеи 56 шықәса ҵуеит. Валентин Аҟәатәи афизико-техникатә институт аҿы аус иуан, Инесса – Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы. Дара рҩыџьагь Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны аҵара еицырҵон, уа иагьеибадырит. Инесса лажәақәа рыла абзиеибабароуп анасыԥ маӡас иаҵоу.

"Аӡәк иеиԥш ҳаилаҵәан ҳаҟоуп. Ауадаҩрақәагьы ҳзықәшәахьо риааира ҳалҳаршоит", - лҳәоит лара.

Заури Наталиеи Анқәабаа 44 шықәса ҵуеит аҭаацәара иалалеижьҭеи. Наталиа 23 шықәса лхыҵуан, иара 27 - ианеибадырыз. Уажәы дара хҩык аԥацәа рымоуп, ааҩык амоҭацәа. Наталиа лажәақәа рыла аҭаацәара шьаҭаны иамоу аҵасқәа рықәныҟәароуп.

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы аԥсуа ҭаацәарақәа аныҳәатә медалқәа рырҭон

"Иахьатәи аҭаацәарақәа зегь еиқәыршәшәа ирҭахуп. Усеиԥш шамахамзар иҟалаӡом", - лҳәоит лара.

Аҭауад Пиотри иԥҳәыс Феврониеи ргәалашәара иазкны аҭаацәа, анасыԥ, агәрагара Рымш азгәарҭоит есышықәса Урыстәыла ԥхынгәы 8 рзы.

Урыстәылеиԥш аныҳәа азгәарҭоит: Болгариа, Белоруссиа, Азербаиџьан, Украина.

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы аԥсуа ҭаацәарақәа аныҳәатә медалқәа рырҭон