АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа драматә театр иазааигәоу ахыбрақәа рҟны амцакра ҟалеит. Арҭ ахыбрақәа уаҩ дрыҩнам ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аҳәынҭқарратә амцарцәаратә хылаԥшра аҟәша аиҳабы Андреи Казариан.
Аԥсуа драматә театр иазааигәоу ахыбрақәа рҟны амцакра дырцәеит
© Foto / МЧС Абхазии
Иара иажәақәа рыла амца атеатр ахыб ахь ииасыргьы ауан, аха АҶА аусзуҩцәа ирласны арцәара рылдыршеит.
"Адрамтеатр авара уаҩ дызхым ахыбрақәа ыҟоуп. Иҟалап уахь аҩныдацәа халазар, ҭҭынцыблыхазар амца иахыҵхырҭоу", - иҳәеит иара.
Аԥхьа АҶА ахь иҟаҵаз адырра иаҳәон "адраматә театр былуеит" ҳәа. Уахь инеиит амцарцәага машьынақәа хԥа.
Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь инеиит асааҭ 13:18 рзы, асааҭ 13:40 рзы амца дырцәеит.