Аԥсуа изы ибџьарын: ахыцуаа реицлабра Гәыма ақыҭан

Sputnik

Ахыци ахәымпали рыла ахысразы аицлабра еиҿнакааит ахыцуаа реилазаара "Афырхы". Иара агәаҳәара змаз зегьы рхы аладырхәыр рылшон. Сынтәатәи алахәылацәа рхыԥхьаӡара наӡеит жәаҩык рҟынӡа.

Ахыци ахәымпали: Гәыма имҩаԥысит ахыцуаа реиндаҭлара

Аицлабрақәа шьақәгылан ҩ-еикәшарак рыла. Актәи аикәшараҿы досу ирыман хԥа-хԥа ҽазышәара, ацәҟьа акылкааразы. Ҽазышәара цыԥхьаӡа ахысҩцәа фба-фба хыц ҭдырҟьон. Актәи аҩбатәи аҽазышәарақәа ахысҩцәа рҭыԥ иахымскәа 30 метра рҟынтәи ихысуан. Ахԥатәи аан, хысрацыԥхьаӡа дара ацәҟьа хәба-хәба метра иадҵуан. Убас ф-хыцк ҭдырҟьаанӡа.

Актәи аикәшара алҵшәақәа рыла , 72 кәатала рҳаны аиааира игеит асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа. Аҩбатәи аҭыԥ иҽаԥсеитәит "Афырхы" ахантәаҩы, Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба. Ахԥатәи – Фелиқс Кәыҵниа.

1 / 12
Ахыцуаа аԥсуа маҭәала еилаҳәазар ахәҭан.
2 / 12
Сынтәатәи алахәылацәа рхыԥхьаӡара наӡеит жәаҩык рҟынӡа.
3 / 12
Баҭал Џьапуа
4 / 12
Актәи аикәшараҿы досу ирыман хԥа-хԥа ҽазышәара, ацәҟьа акылкааразы. Ҽазышәара цыԥхьаӡа ахысҩцәа фба-фба хыц ҭдырҟьон. Актәи аҩбатәи аҽазышәарақәа ахысҩцәа рҭыԥ иахымскәа 30 метра рҟынтәи ихысуан. Ахԥатәи аан, хысрацыԥхьаӡа дара ацәҟьа хәба-хәба метра иадҵуан. Убас ф-хыцк ҭдырҟьаанӡа.
5 / 12
Ахыцуаҩ Асҭамур Матуа.
6 / 12
Аицлабрақәа шьақәгылан ҩ-еикәшарак рыла.
7 / 12
Ахыцуаа реицлабра иахәаԥшуаз.
8 / 12
Ахыцуаа реилазаара "Афырхы" 2016 шықәса раахыс еиуеиԥшым аицлабрақәа еиҿнакаауеит.
9 / 12
Ахацәа реиԥш ари аицлабра иалахәын аҳәсагьы: ахыцуаа реилазаара "Афырхы" анапхгаҩы Елена Лабахәуеи, ажурналист Амра Џьынџьалԥҳаи.
10 / 12
ахыци ахәымпали рыла ахысра , спорт хкык аҳасабала ашколтә спартакиада апрограмма иалагалоуп.
11 / 12
Валери Делба ихьӡ зху атурнир ҩынтә имҩаԥысхьеит.
12 / 12
ахысҩцәа Валери Делба ихьӡ зху еиҭаҵуа ахраҿа агаразы дырҩеигь рымчқәа ԥыршәеит. Сынтәа ари аицлабраҿы 71 кәатала рҳаны ахраҿа иҽаԥсеитәит Адгәыр Какоба.