Ахыци ахәымпали: Гәыма имҩаԥысит ахыцуаа реиндаҭлара

© Sputnik / Томас ТхайцукАхыци ахәымпали: Гәыма имҩаԥысит ахыцуаа реиндаҭлара
Ахыци ахәымпали: Гәыма имҩаԥысит ахыцуаа реиндаҭлара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Валери Делба ихьӡ зху ахыцуаа реицлабра мҩаԥысит ԥхынгәымза 15 рзы, Аҟәа араион Гәыма ақыҭан. Афырхаҵа ихьӡала аиндаҭлара ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ахыци ахәымпали рыла ахысразы аицлабра еиҿнакааит ахыцуаа реилазаара "Афырхы". Иара агәаҳәара змаз зегьы рхы аладырхәыр рылшон. Сынтәатәи алахәылацәа рхыԥхьаӡара наӡеит жәаҩык рҟынӡа.

Ахыцуаҩ Баҭал Ҳашба - Sputnik Аҧсны
Ихыцуаҩхаз ԥақәашьтәи арҵаҩы: Баҭал Ҳашба иҭоурых

Ари аиндаҭларагьы, зегь реиԥш иаман ахатәы ԥҟарақәа. Аха зегьы ирхаданы, уи иалахәыз ахыцуаа аԥсуа маҭәала еилаҳәазар ахәҭан. Рхы инаркны ршьапаҟынӡа акәымзаргьы, ихымԥадатәиин аԥсуа маҭәа елементк амазаара. Аԥҟара инақәыршәаны, ишахәҭоу еилаҳәамыз иаразнак хә-кәаталак ихырхуан.

Иара убас алахәыла ицзар акәын ихатәы хәымпали, ихыцқәеи. Ахәымпал ҟаҵазар ахәҭан иаармарианы, акылыԥшыгатә хархәагақәа рыда. Ахыцқәагьы хымԥада имҿлыхын.

Ахыцуаа реицлабра аҟнытә афотоҭыхымҭақәа: Аԥсуа изы ибџьарын: ахыцуаа реицлабра Гәыма ақыҭан

Аицлабра аҭыԥи аамҭеи азалхрагьы машәыршақә иҟамлаӡеит. Ари аҭыԥ аҟны ауп ԥхынгәы 15, 1993 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан фырхаҵарала дахьҭахаз атурнир зыхьӡ аху Валери Делба. Ааигәа улаԥш иҵашәоит уи зырҵабыргуа ахаҳәтә нҩыларагьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукТурнир лучников "Афырхы"
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
1/6
Турнир лучников "Афырхы"
© Sputnik / Томас ТхайцукТурнир лучников "Афырхы"
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
2/6
Турнир лучников "Афырхы"
© Sputnik / Томас ТхайцукТурнир лучников "Афырхы"
Турнир лучников Афырхы - Sputnik Аҧсны
3/6
Турнир лучников "Афырхы"
© Sputnik / Томас ТхайцукТурнир лучников "Афырхы"
Турнир лучников Афырхы - Sputnik Аҧсны
4/6
Турнир лучников "Афырхы"
© Sputnik / Томас ТхайцукТурнир лучников "Афырхы"
Турнир лучников Афырхы - Sputnik Аҧсны
5/6
Турнир лучников "Афырхы"
© Sputnik / Томас ТхайцукТурнир лучников "Афырхы"
Турнир лучников Афырхы - Sputnik Аҧсны
6/6
Турнир лучников "Афырхы"
1/6
Турнир лучников "Афырхы"
2/6
Турнир лучников "Афырхы"
3/6
Турнир лучников "Афырхы"
4/6
Турнир лучников "Афырхы"
5/6
Турнир лучников "Афырхы"
6/6
Турнир лучников "Афырхы"

Аицлабрақәа шьақәгылан ҩ-еикәшарак рыла. Актәи аикәшараҿы досу ирыман хԥа-хԥа ҽазышәара, ацәҟьа акылкааразы. Ҽазышәара цыԥхьаӡа ахысҩцәа фба-фба хыц ҭдырҟьон. Актәи аҩбатәи аҽазышәарақәа ахысҩцәа рҭыԥ иахымскәа 30 метра рҟынтәи ихысуан. Ахԥатәи аан, хысрацыԥхьаӡа дара ацәҟьа хәба-хәба метра иадҵуан. Убас ф-хыцк ҭдырҟьаанӡа.

Актәи аикәшара алҵшәақәа рыла , 72 кәатала рҳаны аиааира игеит асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа. Аҩбатәи аҭыԥ иҽаԥсеитәит "Афырхы" ахантәаҩы, Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба. Ахԥатәи – Фелиқс Кәыҵниа.

Уажәшьҭа инхеит аҩбатәи аикәшара: арҭ хҩык иреиӷьхаз ахысҩцәа Валери Делба ихьӡ зху еиҭаҵуа ахраҿа агаразы дырҩеигь рымчқәа ԥыршәеит. Сынтәа ари аицлабраҿы 71 кәатала рҳаны ахраҿа иҽаԥсеитәит Адгәыр Какоба.

Ахацәа реиԥш ари аицлабра иалахәын аҳәсагьы: ахыцуаа реилазаара "Афырхы" анапхгаҩы Елена Лабахәуеи, ажурналист Амра Џьынџьалԥҳаи. Урҭ рзы еиҳа имариоу аԥҟарақәа аларымгалаӡеит, ахацәа ахьынтәихысуаз ихысуан даргьы.

Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Какоба "Афырхы" ахыцуаа реицлабразы: аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара иазкуп

Амра ахыци ахәымпали рыла ахысшьа уамак ҵуам илҵеижьҭеи. Лара лажәақәа рыла 2016 шықәса раахыс ари аспорт ахкы дазгагоуп. Усҟан лара Ҭырқәтәыла аицлабрақәа ирылахәыз "Афырхы" ахаҭарнакцәа дрыцын, журналистк лаҳасаб ала.

"Ԥшьынтәуп ахыци ахәымпали рыла ахысразы атурнирқәа зыҽрыласырхәуеижьҭеи. Ҳәарада, схысны аеҵәа кыдысԥаауеит ҳәа сҳәар иашам, аха даараӡа исгәаԥхоит ари аус. Избанзар ажәытә аԥсуа традициақәа рҟынтәи иаауа акоуп. Иахьатәи аицлабраҿы арсҟаҩык аҟазацәа ахьыҟаз сышзымаиааиуаз сдыруан, аха ахалархәра ауп ихадоу", - даалафит Џьынџьалԥҳа.

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр, аицлабраҿы аиааира згаз Адгәыр Пата-иԥа Какоба иажәақәа рыла Валери Делба ихьӡ зху атурнир амҩаԥгара аҵыхәтәантәи аҩышықәсазы итрадициа бзианы иҟалеит. Иара убас аминистр иазгәеиҭеит хаҭала ари ахраҿа мацара акәымкәа, ахыци ахәымпали ирымоу азҿлымҳара еиҳа-еиҳа ацлара ишаҿу.

"Иахьатәи аицлабра аҩыза аусмҩаԥгатәқәа зхы рылазырхәырц зҭаху ауаа рхыԥхьаӡара ишацло убарҭоуп. Уи, ҳәарада, уаҩы дамыргәырӷьарц залшом. Ахыци ахәымпали аспорт хкы аҳасабала адагьы, аԥсуа изы иабџьарын. Убри аҟнытә иара иамоуп аҭоурыхтә ҵакы дуӡӡагьы", - иҳәеит иара.

Ахыцуаа реилазаара "Афырхы" 2016 шықәса раахыс еиуеиԥшым аицлабрақәа еиҿнакаауеит. Валери Делба ихьӡ зху атурнир ҩынтә имҩаԥысхьеит. Иара убас ахыци ахәымпали рыла ахысра , спорт хкык аҳасабала ашколтә спартакиада апрограмма иалагалоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0