Аԥсуа изы ибџьарын: ахыцуаа реицлабра Гәыма ақыҭан

Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Валери Делба ихьӡ зху ахыцуаа реицлабра мҩаԥысит ԥхынгәымза 15 рзы, Аҟәа араион Гәыма ақыҭан.

Ахыци ахәымпали рыла ахысразы аицлабра еиҿнакааит ахыцуаа реилазаара "Афырхы". Иара агәаҳәара змаз зегьы рхы аладырхәыр рылшон. Сынтәатәи алахәылацәа рхыԥхьаӡара наӡеит жәаҩык рҟынӡа.

Ахыци ахәымпали: Гәыма имҩаԥысит ахыцуаа реиндаҭлара

Аицлабрақәа шьақәгылан ҩ-еикәшарак рыла. Актәи аикәшараҿы досу ирыман хԥа-хԥа ҽазышәара, ацәҟьа акылкааразы. Ҽазышәара цыԥхьаӡа ахысҩцәа фба-фба хыц ҭдырҟьон. Актәи аҩбатәи аҽазышәарақәа ахысҩцәа рҭыԥ иахымскәа 30 метра рҟынтәи ихысуан. Ахԥатәи аан, хысрацыԥхьаӡа дара ацәҟьа хәба-хәба метра иадҵуан. Убас ф-хыцк ҭдырҟьаанӡа.

Актәи аикәшара алҵшәақәа рыла , 72 кәатала рҳаны аиааира игеит асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа. Аҩбатәи аҭыԥ иҽаԥсеитәит "Афырхы" ахантәаҩы, Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба. Ахԥатәи – Фелиқс Кәыҵниа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАхыцуаа аԥсуа маҭәала еилаҳәазар ахәҭан.
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
1/12
Ахыцуаа аԥсуа маҭәала еилаҳәазар ахәҭан.
© Sputnik / Томас ТхайцукСынтәатәи алахәылацәа рхыԥхьаӡара наӡеит жәаҩык рҟынӡа.
Лучники разминаются перед началом турнира. - Sputnik Аҧсны
2/12
Сынтәатәи алахәылацәа рхыԥхьаӡара наӡеит жәаҩык рҟынӡа.
© Sputnik / Томас ТхайцукБаҭал Џьапуа
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
3/12
Баҭал Џьапуа
© Sputnik / Томас ТхайцукАктәи аикәшараҿы досу ирыман хԥа-хԥа ҽазышәара, ацәҟьа акылкааразы. Ҽазышәара цыԥхьаӡа ахысҩцәа фба-фба хыц ҭдырҟьон. Актәи аҩбатәи аҽазышәарақәа ахысҩцәа рҭыԥ иахымскәа 30 метра рҟынтәи ихысуан. Ахԥатәи аан, хысрацыԥхьаӡа дара ацәҟьа хәба-хәба метра иадҵуан. Убас ф-хыцк ҭдырҟьаанӡа.
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
4/12
Актәи аикәшараҿы досу ирыман хԥа-хԥа ҽазышәара, ацәҟьа акылкааразы. Ҽазышәара цыԥхьаӡа ахысҩцәа фба-фба хыц ҭдырҟьон. Актәи аҩбатәи аҽазышәарақәа ахысҩцәа рҭыԥ иахымскәа 30 метра рҟынтәи ихысуан. Ахԥатәи аан, хысрацыԥхьаӡа дара ацәҟьа хәба-хәба метра иадҵуан. Убас ф-хыцк ҭдырҟьаанӡа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхыцуаҩ Асҭамур Матуа.
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
5/12
Ахыцуаҩ Асҭамур Матуа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАицлабрақәа шьақәгылан ҩ-еикәшарак рыла.
Турнир лучников Афырхы - Sputnik Аҧсны
6/12
Аицлабрақәа шьақәгылан ҩ-еикәшарак рыла.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхыцуаа реицлабра иахәаԥшуаз.
Турнир лучников Афырхы - Sputnik Аҧсны
7/12
Ахыцуаа реицлабра иахәаԥшуаз.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхыцуаа реилазаара "Афырхы" 2016 шықәса раахыс еиуеиԥшым аицлабрақәа еиҿнакаауеит.
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
8/12
Ахыцуаа реилазаара "Афырхы" 2016 шықәса раахыс еиуеиԥшым аицлабрақәа еиҿнакаауеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхацәа реиԥш ари аицлабра иалахәын аҳәсагьы: ахыцуаа реилазаара "Афырхы" анапхгаҩы Елена Лабахәуеи, ажурналист Амра Џьынџьалԥҳаи.
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
9/12
Ахацәа реиԥш ари аицлабра иалахәын аҳәсагьы: ахыцуаа реилазаара "Афырхы" анапхгаҩы Елена Лабахәуеи, ажурналист Амра Џьынџьалԥҳаи.
© Sputnik / Томас Тхайцукахыци ахәымпали рыла ахысра , спорт хкык аҳасабала ашколтә спартакиада апрограмма иалагалоуп.
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
10/12
ахыци ахәымпали рыла ахысра , спорт хкык аҳасабала ашколтә спартакиада апрограмма иалагалоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукВалери Делба ихьӡ зху атурнир ҩынтә имҩаԥысхьеит.
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
11/12
Валери Делба ихьӡ зху атурнир ҩынтә имҩаԥысхьеит.
© Sputnik / Томас Тхайцукахысҩцәа Валери Делба ихьӡ зху еиҭаҵуа ахраҿа агаразы дырҩеигь рымчқәа ԥыршәеит. Сынтәа ари аицлабраҿы 71 кәатала рҳаны ахраҿа иҽаԥсеитәит Адгәыр Какоба.
Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
12/12
ахысҩцәа Валери Делба ихьӡ зху еиҭаҵуа ахраҿа агаразы дырҩеигь рымчқәа ԥыршәеит. Сынтәа ари аицлабраҿы 71 кәатала рҳаны ахраҿа иҽаԥсеитәит Адгәыр Какоба.
Ажәабжьқәа зегьы
0