Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Аҳəаанырцə инхо ҳџьынџьуаа рахьтə иҟоуп зыхьӡ ахара инаҩхьоу, зҟазарала адунеи зыршанхахьоу аҧсуаа. Убарҭ дыруаӡəкуп уажə зыӡбахə шəҳардыруа афырхаҵа, ашьапылампыласҩы қəыҧш, иреиҕьӡоу амбахьчаҩ Алҭаи Биуленҭ-иҧа Агрба. Алҭаи Агрба диит Ҭырқəтəыла, Бурса ақалақь, Луаабаҭ ақыҭаҿы. Иабшьҭра Аҧснынтə ихҵəақəаз иреиуоуп, иан даҭырқəа ҭыҧҳауп.
21 шықəса ирҭагылоу ари арҧыс қəыҧш ифотосахьа Ҭырқəтəылантəи исзааишьҭит Аҧсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба. Усгьы саиҳəеит: "Сырма, Аҧснаа иӡбахə раҳар абри арҧыс шьахə гəахəа алаҳхуан. Иара дышқəыҧшугьы Ҭырқəтəыла иҟоу инагоу ашьапылампылтə клубқəа деимаркуеит, уажəы Фенербаҳче даанахəеит"-ҳəа. Инарҭбаау аинформациа саиҳəарц азы, Аҭанур исабжьигеит Алҭаи иаб иашьа иҧа Џьиҳаҭ Агрба ҭелла сыҽимаздарц, ус егьыҟасҵеит.
Џьиҳаҭ Агрба даара дазгəыдууны исаиҳəеит Алҭаи иаҧхьаҟа акыр илҵраны дшыҟоу, уажəнатə ашьапылампыл асразы иааирҧшыз абаҩхатəра Ҭырқəтəылеиҧш, егьырҭ аҳəынҭқаррақəагьы шыхнахыз, Германиа назлоу быжьҳəынҭқаррак даархəарц аҳəара шыҟарҵахьоу. Хымҧада, ари ахҭыс ҳарҭгьы гəахəала иҳадаҳкылеит, ҳгəырҕьарагьы шəыцеиҩаҳшоит.
"Алҭаи дхəыҷаахыс ашьапылампыл ахəмарра бзиа ибоит. Бурса ашьапылампылтə команда далан. Ҽнак акомандаҿы ихəмаруаз амбахьчаҩы дмааӡеит мзызқəак ирхырҟьаны. Ашьапылампыл азыҟаҵаҩ, Алҭаи Агрба имааз арҧыс иҭыҧ аҿы дыхəмамырц иабжьигеит. Уи акəхеит, убраҟа еилкаахеит амбахьчаҩ иҭыҧ иара ишитəҵəҟьоу, акыр ишиқəманшəалахаз, аҧхьаҟагьы иациҵар шакəхо", - дҳацəажəон Џьиҳаҭ Агрба.
Анаҩс, Алҭаи иаб диманы Сҭамҧылҟа дааит. Усҟан иара ихыҵуаз 16 шықəса ракəын. Ирҭахын Фенербахҷе ашьапылампылтə командахь ишьҭра, аха иалымҵӡеит. Ҭырқəтəыла аҳҭнықалақь Анкара иҟоу "Анкарагиуџьу" ашьапылампылтə команда далалеит, капитансгьы дыҟан. Ус еиҳа-еиҳа иҿыхо иалагеит Алҭаи Агрба иҟазара, ахəаҧшцəеи анаҧшцəеи деицгəарҭо иалагеит.
"Анкарагиуџьу" ашьапылампылтə командаҿы аконтракттə шьаҭала шықəсык ҳəа аамҭа арбаны дыхəмаруан. Еиуеиҧшым ашьапылампылтə клубқəа идҵаало иалагеит, даархəарц рҭаххеит. Иара зегь акоуп ҩныҵҟала иалхны иман ииҭахыз аклуб, уи "Фенербаҳче" акəын, аҵыхəтəаны игəыхəтəгьы наӡеит", - ҳəа азгəеиҭеит Џьиҳаҭ Агрба.
Аҭанур Аҟəысба: ҳаԥсадгьыл иахәаша апрограммақәа системак иазааҳгоит
Абар, уажəшьҭа ҩымчыбжьа ҵуеит Алҭаи Агрба Ҭырқəтəыла, Сҭампыл иҟоу ашьапылампылтə команда "Фенербаҳче" даанахəеижьҭеи, ари ашьапылампылтə команда иалнаршеит Анкара иара дахьыхəмаруаз аклуб аҧара рацəа азшəара. Уажəы, Алҭаи Агрба акырӡа ихаҭəаауп имш, хҭацəыхак имам, уимоу иҭаацəа ҭелла данрызмацəажəоу ыҟоуп, мызқəак рнаҩс иаартхо ашьапылампылтə матч азы рҽазҵəылхны аҽазыҟаҵарақəа ирхысуеит. Алҭаи Агрба иашьаки иаҳəшьаки имоуп. Иара иашьеиҳабгьы ашьапылампыл ахəмарра даара бзиа ибоит, дазҟазоуп.
Абасала, иреиҕьу амбахьчаҩ ҳəа зыхьӡ-зыҧша адунеи иалаҵəаз ашьапылампыласыҩцəа қəыҧшцəа дырхыҧхьаӡалоуп ҳара ҳџьынџьуаҩ, хылҵшьҭрала иаҧсыуоу, иахьа ҳзызгəыдууны ҳзыхцəажəо Алҭаи Биуленҭ-иҧа Агрба. Хымҧада, агəра ҳгоит Алҭаи Агрба иаҧхьа ишышьҭоу акыр аихьӡарақəа, аҳаракырақəа, аиааирақəа.
Уажəазы ҭабуп ҳəа раҳҳəарц ҳҭахуп Алҭаи Агрба иӡбахə ҳара ҳҟынӡа иаазышьҭыз Аҧсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба, Ҭырқəтəыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнак ихаҭыҧуаҩ Џьансыхə Лазба, Алҭаи Агрба иаб иашьа иҧа, Сҭампыл, Кавказтəи ахеидкылаҿы еиҿкаау ахəыҷтəы ансамбль "Мафе" асахьаркыратə напхгаҩы Џьиҳаҭ Агрба. Агəыҕра ҳамоуп, Алҭаи Агрба мышкызны иҧсадгьыл аҿы даҳбап, дҳаҳап ҳəа. Ҳарҭ ҳахьӡалагьы ашьапылампыласҩы қəыҧш изеиҕьаҳшьоит агəабзиара, агəамч, уи иацназго ахьӡ-аҧша!