Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Гəырџьан Храҷ: атəым дгьыл аҿы ҳаҧсацəоуп ҳəа ҿыӷəӷəала ҳцəажəо ҳҟазҵаз  ҳашьцəа шəоуп

© Foto / Из архива Храч ГурджанХрач Гурджан
Храч Гурджан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқəтəылантəи зҭоурыхтə ҧсадгьыл амҩа ианылаз ҳџьынџьуаҩ, аибашьҩы, "Агəымшəаразы" амедал занашьоу Гəырџьан Храҷ ифырхаҵаратə ҭоурыхи, иахьатəи иҧсҭазаареи ртəы дазааҭгылоит Сырма Ашəҧҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ианалага, Ҭырқəтəыла инхоз ҳџьынџьуаҩ Гəырџьан Храҷ 24 шықəса ракəын  ихыҵуаз. Усҟан иара аррамаҵзура далганы Ҭырқəтəыла атəылахьчара аминистрраҿы аиқəшаҳаҭратə ҟазшьала техникатə усзуҩыс дыҟан. Иара ателехəаҧшралоуп ишиаҳаз Аҧсны аӷацəа шақəлаз, Аҧсадгьыл амцашыра ишалагылаз, аҟазаареи аҟамзаареи рыбжьара ишҭагылаз. Аҧсуаҵасла иааӡаз, аҧсуа гəаӷь зызҭаз Гəырџьан Храҷ, хымҧада Аҧсныҟа дызлаашаз амҩақəа рхыҵхырҭа дашьҭалеит.

Рыдуан Ажәанба - Sputnik Аҧсны
Рыдуан Ажəанба: Аҧсназы иҟасҵазеи иахьа ҳəа ихəыцлар бзиоуп ҳауаажəлар

"Аҧсны аибашьра иалагеит ҳəа шсаҳаз еиҧш, аус ахьызуаз аҟынтə сыбналарц сыӡбеит. Азныказы исықəымҿиеит, сыбналан сааныркылеит, аха сыгəҭакы зегь акоуп инасыгӡеит. Аусура саналагоз снапы зҵазҩыз аиқəшаҳаҭра излаҳəоз ала, фышықəса аус зур акəын, аха уи насыгӡартə еиҧш изыҟамлеит иаҳдыруа амзызқəа ирыхҟьаны. Сара сзы зегь реиҳа ихадаран сыҧсадгьыл ахьчара", - дҳацəажəон Агəымшəаразы амедал занашьоу Гəырџьан Храҷ.

Хымз ааҵуаны еиҧш, Гəырџьан илиршеит Аҧсныҟа аара. Усҟан Гəырџьан дназлаз фҩык ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь еицааит. Сҭамԥыл аҧсуаа ркультуратə хеидкылаҿы еиқəшəеит арҭ арҧарцəа, урҭгьы Гəырџьан еиҧш гəыҵхас ирыман арахь аара.

"Сара санаауаз сҭаацəа ирдыруан. Аиаша шəасҳəоит, сан дақəшаҳаҭымхаӡеит, саб сыгəҭакы ақəҿимҭӡеит. Спаспорт сцəырҵəахит, аха ирасҳəеит уи ҽеи шалымҵуаз, мышқəак рнаҩс рхала ицəырганы исырҭеит, ирдыруан исҳəоз шынасыгӡоз", - аибашьра ахҭысқəа игəалаиршəон аветеран.

Гəырџьан Аҧсныҟа дшааз еиҧш, Шамил Басаев игəыҧ далалеит, 135-ҩык рҟынӡа аибашьцəа еиднакылон. Аха, абжаҩык абџьар рымаӡамызт, излаиҳəо ала, 50-ҩык раҟара ракəын автоматқəа зкыз.

© Foto / из архива Храч ГурджанХрач Гурджан
Гəырџьан Храҷ: атəым дгьыл аҿы ҳаҧсацəоуп ҳəа ҿыӷəӷəала ҳцəажəо ҳҟазҵаз  ҳашьцəа шəоуп - Sputnik Аҧсны
Храч Гурджан

"Ҭырқəтəылантəи иааз арҧарцəа аҭыҧантəи аҧсуаа ҷыдала пату ҳақəырҵон, иҳахӡыӡаауан, бџьарк аашьҭыхны ажəыларахь ҳцар, ак ҳахьыр ҳəа ишəон. Ус еиҧш ҳхы мҩаҧаҳгар ҟалозма ҳарҭ, излаҳалшоз ала ҳашьцəа ҳажəҩахыр рыдаҳҵар ҳҭахын. Анаҩс, абџьарқəагьы ҳауит, ажəыларақəа рахьгьы ҳцон", -ихəыцрақəа ҳацеиҩишон Гəырџьан Храҷ.

Рыдуан Агрба - Sputnik Аҧсны
Рыдуан Агрба: аԥсуа дахьыҟазаалакгьы ԥсадгьылк ауп имоу

Мрагыларатəи мраҭашəаратəи ахəҭақəа рҿы ицоз аидысларақəа дрылахəын аибашьҩы. Гəырџьан ҟазшьала ахӡыргара злам, иҟасҵаз-изуз ҳəа ацəажəара зыцəтəыму  уаҩуп. Уи шьақəнарӷəӷəоит иара ихымҩаҧгара, иҩызцəа ражəақəа.

"Адгəыр Ҳаразиа напхгара зиҭоз аҧшыхəратə гəыҧгьы салан, хəымз-фымз раҟара уа сыҟан, аҧшыхəрахь ҳцалон Шубара, Сухум-Гес, зны-зынла Гəдоуҭаҟа ҳалбаауан. Аҵыхəтəантəи ажəылара аныҟаз, Шубаратəи абаталион ҳалалеит, Лиосик Цыгəба напхгара зиҭоз. Гəыма ажəылара мҩаҧаҳгеит, ҳҿаҧхьа иқəгылаз адҵа наҳагӡеит, Гəыма ҳнапаҿы иааҳгеит", - ҳəа азгəеиҭоит Гəырџьан Храҷ.

Еиҳа ианыуадаҩыз, еиҳа ианыцəгьаз аамҭазы, Аҧсадгьыл ахҭыҧ ианагоз, уи аҵеицəа анҭахоз, мшын-нырцəынтəи ҳхылҵшьҭрақəа гылеит рабацəа рабдуцəа рџьынџьдгьыл аиқəырхаразы, ҩаҧхьа ари адгьыл аҿы икамҭəарц анацəа рылаӷырӡ, имгарц ахысбжьы, наӡаӡа аҧсуа дгьыл аҿы аиаша аиааира агарц, ахақəиҭра ҟаларц.

Аибашьра цонаҵы, аиҿцəажəаратə процессқəа рымҩаҧгаразы аҭынчра аныҟала аамҭазы, Гəырџьан Храҷ Ҭырқəтəылаҟа днабжьысны, сҭаацəа баны саап ҳəа аҧшьигеит. Уахь данцоз лҭынхацəа рахь диманы дцеит Мадина Ҳагҧҳа ҳəа Гəдоуҭа инхоз ҭыҧҳа хəыҷык.

© Foto / из архива Храч ГурджанХрач Гурджан
Гəырџьан Храҷ: атəым дгьыл аҿы ҳаҧсацəоуп ҳəа ҿыӷəӷəала ҳцəажəо ҳҟазҵаз  ҳашьцəа шəоуп - Sputnik Аҧсны
Храч Гурджан

"Мадина, Адаҧазар лҭынхацəа рҿы дааныжьны, сҭаацəа ахьынхоз Балықьасарҟа сцеит. Ҩымчыбжьа сыҟан Ҭырқəтəыла, анаҩс ҩаҧхьа Аҧсныҟа сааит. Ателехəаҧшратə каналқəа зегьы адырра ҟарҵон Аҧсны аибашьра шцоз, еихсыӷьра шақəым. Сани саби ус сарҳəеит :"Уанца уахь, уршьуеит", - ҳəа. Аиҳабацəа пату сызрықəуп, сҭаацəагьы хымҧада, аха ари аҩыза аус аҿы аҳəатəхаҵара иаҭыҧмызт. Сҭаацəа сеиҭарцəыбналаны сааит Аҧсныҟа", - иҳəеит Гəрџьан Храҷ.

Баҳадыр Абаӷба - Sputnik Аҧсны
Зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз Баҳадыр Абаӷба

Аҧсадгьыл амч, афырхаҵара аҟəырҷаха, атəым дгьыл аҿы Аҧсадгьыл азгəыкра, зџьынџь дгьыл еимгеимцарак иадымхаргьы абла аҭаҧшра иазгəаҟуаз Гəырџьан Храҷ, аибашьра амца даанагазаргьы иахьа дынхоит гəышҧыла иихьчаз иҧсадгьыл аҿы.

"Аиааира аҧсуаа иргеит ҳəа ансаҳа, Дранда ҳаҟан сҩызцəа гəыҧҩыки сареи. Акы еилурго ҳəа иҟамызт, еилаҩеиласран. Ус ажəала еиҭаҳəашьа амамызт уи аҽнытəи аҭагылазаашьа, агəалаҟазаара..." -дҳацəажəон Храҷ.

Аибашьра ашьҭахьтəи аамҭа Гəырџьан даҽа блак ала дахəаҧшуеит. Иахьа иҳамоуп зхы иақəиҭу Аҧсадгьыл, Аиааира, Ахақəиҭра.  Урҭ ҳабла ҷыц еиҧш ихьчатəуп.

Семья Нусрета Ахба - Sputnik Аҧсны
Нусреҭ Ахба: ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

"Аҧсны сара сыҧсадгьылоуп. Абзиеи ацəгьеи еснагь еицуп. Излаҳалшо ала ҳнапаҟынтə иааиуа ҟаҳҵароуп. Зегь раҧхьа иргыланы ҳара ҳаҧсацəоуп. Аҧсуара - ари уаҩроуп, аҧсуа амц иҳəаӡом. Ҳара Ҭырқəтəыла ҳаҧсацəоуп ҳəа ҿыӷəӷəала ҳцəажəартə ҳҟазҵаз Аҧсны инхо ҳашьцəа шəоуп. Шəара ишəыхьчеит ҳаҧсадгьыл, ҳбызшəа, ҳаҧсуара, ҳҳəынҭқарра", - дҳацəажəон аибашьҩы.

Гəырџьан иани иаби ҧшьҩык ахшара раӡеит, ҩыџьа аҧацəеи, ҩыџьа аҧҳацəеи. Иара излаиҳəо ала, иҭаацəа рҟынтə макьаназы иара иоуп Аҧсадгьыл абара зқəашьхаз, аҧхьаҟагьы иҧсҭазаара ара ишьақəиргыларц иҭахуп.
„Сара сан Ҭарҧҳауп, уи лан Лацəышҧҳауп, саб иан Қапҧҳан. Сан лан ибзианы сылхаануп, саб дышхəыҷыз иан дыҧсхьан. Ҳара аҳҷыҧсаа ҳреиуоуп, Гəбаадəы ҳанхон амҳаџьырра ҳахнарҵəаанӡа. Нхыҵ-Кавказ инхоит Храчеваа, ҳара ҳажəлантəқəа Храҷаа.  Ҭырқəтəыла инхо Храҷаа ҧыҭҩык ҳаҟоуп", - аҭоурых дазааҭгыло дҳацəажəон Гəырџьан.

Аамҭеиҭасра иагəылганы, аҭоурых аӡыблара рҽамҭакəа атəым дгьыл аҿы ахеиқəырара зылзыршаз аҧсуаа  акыр ҳрызгəыдууп. Ҳгəырӷьара ҳəаак амам Гəырџьан Храҷ еиҧш, Аҧсадгьыл  иара аҧацəа аназыхынҳəуа, рдаракəац аҧсы анҭарҵо, рхəышҭаарақəа рымцаҧҳарра уанарҧхо.

Ажәабжьқәа зегьы
0