АҞӘА, ԥхынгәы 17– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гагра амҩатә машәыр иалахәыз, автомашьына Honda Fit аԥсҟы зкыз Саид Вазиев ахәышәтәырҭаҿы игәы аангыланы дыԥсит, абри атәы Sputnik иазааицҳаит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба.
Автомашьына Honda Fit аԥсҟы зкыз Саид Вазиев гагратәи ахәышәтәырҭахь днаган аҭагылазаашьа хьанҭа иманы. Иара иаразнакы аоперациа изуны Ареспубликатә хәышәтәырҭа анеохирургиа аҟәшахьы Аҟәаҟа диаган. Ачымазаҩ иҭагылазаашьа акыр ихьанҭоу ҳәа ахәшьара арҭон аҳақьымцәа.
Ԥхынгәы 12 рзы Гагра иҟалаз амҩатә машәыр иалахәын автомашьынақәа HondaFit, Volkswagen. Абри аан иҭахеит Сыктывкар инхоз (1953 шықәса рзы ииз) ауаҩԥси Аҟәа ақалақь аҿы инхоз Павел Милтониани (1953шықәса рзы ииз). Амҩатә машәыр иалахәыз зегьы гагратәи ахәышәтәырҭахь инаган. Урҭ рҟынтәи хәҩык туристцәоуп.
"Ԥшьҩык макьаназ ахәышәтәырҭа иҭоуп. 2011 шықәса рзы ииз ахәыҷы ахәышәәтырҭаҟынтә дылҩаауп", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Денис Лавриков.
Иара иҳәеит аусбарҭа иҟалаз ахҭыс хылаԥшра шазнауа, ахҭыс азы Урыстәыла ААР аинформациа-кризистә центр ахь адыррақәа.