Гагреи Пицундеи амҩатә машәырқәа рҟны ааха зауз рҭагылазаашьа еилкаауп

CC0 / / Стетоскоп
Стетоскоп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицундеи Гагреи амҩатә машәырқәа аҭыԥ рыман ԥхынгәы 8, 12 рзы. Аахақәа роуит Урыстәыла, Украина, Аԥсны ртәылауаа.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гагреи Пицундеи иҟалаз амҩатә машәыр аҟны ааха зауз ауааԥсыра Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаган, урҭ апассаџьырцәа рыԥсҭазаара шәарҭара иҭагылам ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәахьан араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада амҩатә машәыр азы: ауаа рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам - Sputnik Аҧсны
Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада амҩатә машәыр азы: ауаа рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам

Пицундантәи ахәшәтәырҭахь инаган 16-ҩык. Ааха зауз рҟынтәи иҟоуп Шәача ақалақь ахь ҽыхәышәтәра ацара зҭаххаз. Ҩыџьа ауаа Санкт-Петербургҟа ицеит уа аҽыхәышәтәразы.

"Иахьазы Пицунда иҟаз амҩатә машәыр аан ааха зауз зегьы гагратәи ахәышәтәырҭаҟынтә илҩаауп. Украина атәылауаҩ, зыбӷашшара аԥҵәарақәа амаз, Донецкҟа диаган, уахьынтә дыргоит Ростовҟа. Ареабилитациа мызкы иназынаԥшуа имҩаԥысуеит, аха лара хымԥада лшьапы дшықәгыло аадыруеит. Атәылауаҩ Кукарина, лыхшыбаҩ ҵысны иҟан. Уи Шәача ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп", - еиҭеиҳәеит Аргәын.

Ԥхынгәы 12 рзы Гагра иҟалаз амҩатә машәыр иалахәын автомашьынақәа HondaFit, Volkswagen. Абри аан иҭахеит Сыктывкар инхоз (1953 шықәса рзы ииз) ауаҩԥси Аҟәа ақалақь аҿы инхоз Павел Милтониани (1953шықәса рзы ииз). Амҩатә машәыр иалахәыз зегьы гагратәи ахәышәтәырҭахь инаган. Урҭ рҟынтәи хәҩык туристцәоуп.

Аԥсны ААР: амҩатә машәыр аан амашьынақәа рыԥсҟы зкыз ижәны иҟамызт

"Ԥшьҩык макьаназ ахәышәтәырҭа иҭоуп. 2011 шықәса рзы ииз ахәыҷы ахәышәәтырҭаҟынтә дылҩаауп", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Денис Лавриков.

Пицунда амҩатә машәыр иақәшәаз ҩыџьа атуристцәа Урыстәыла рҽыхәышәтәра иацырҵоит

Иара иҳәеит аусбарҭа иҟалаз ахҭыс хылаԥшра шазнауа, ахҭыс азы Урыстәыла ААР аинформациа-кризистә центр ахь адыррақәа.

HondaFit аԥсҟы зкыз ахәышәтәырҭаҿ аоперациа изуны ареспубликатә хәышәтәырҭахь диаган. Иҭагылазаашьа макьаназы иуадаҩны ишьоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0