Ԥанцулаа рҭаацәара рӷьычра иалахәу рганахь ала аусҭҵаара хацыркуп

Ҩыџьа ахацәа рӷьычреи рыҩны амца аркреи рганахь ала аусҭҵаара хацыркуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Тҟәарчал араион апрокуратура аусҭҵаара хацнаркит Ԥанцулаиа Руслан Павел-иԥа (1963ш. рзы ииз) Ԥанцулаиа Виачеслав Павел-иԥа (1967ш. рзы ииз) рӷьычреи, рыҩны амца аркреи инарыдҳәаланы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада асаит.

Рауль Ҳаџьымба амчратә усбарҭақәа рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

"Макьаназ идырым ахаҿқәа аишьцәа Ԥанцулаа ӷьычны, насгьы рыҩнқәа Тҟәарчал, Шевченко имҩаду аҟны игылоу амца адыркит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи аоперативла русеицура ашьаусҭҵааразы хылаԥшра аиҭоит Аԥсны апрокурор хада.

Аҟәа аиҿахысраан аӡәы дҭахеит, аӡәы ахәышәтәырҭа дҭашәеит