Аҟәа аиҿахысраан аӡәы дҭахеит, аӡәы ахәышәтәырҭа дҭашәеит

© Fotolia / Andranik123Аҩнуҵҟатәи аусқәа рмнистрра амашьына
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рмнистрра амашьына - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахҭыс аҭыԥ аман Аҟәа ақалақь Аиааира амҩадуи Аидгылара амҩеи реихысырҭаҿы ԥхынгәы 12 ҵхыбжьон.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы аҭыԥ змаз аиҿахысра иахҟьаны аӡәы дҭахеит, аҽаӡәы ахәрақәа иманы ахәышәтәырҭа дҭоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Ахҭыс аҭыԥ аман Аҟәа ақалақь Аиааира амҩадуи Аидгылара амҩеи реихысырҭаҿы ԥхынгәы 12 ҵхагәаны.  Агәы аԥшьынахь ҳәызбала ахәра зауз Аинар Кәыҵниа, 1996 шықәсазы ииз, ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит, иҭҟьаз ахы заахаз Леон Кәыҵниа, 1997 шықәсазы ииз, аԥҟара изырун, аԥсеиқәырхара аҟәша дҭоуп.

Аҟәа апрокуратура ашьаус хацнаркит Аҟәа ақалақь иқәынхо Ԥанцулаиа Милан Виачеслав-иԥа, 1997 шықәсазы ииз, Ԥанцулаиа Зураб Виачеслав-иԥа, 1996 шықәсазы ииз, рганахьала Ашьауӷатә кодекс анаҩстәи ахәҭаҷқәа рыла: "Гәыԥҩык ауаа заанаҵтәи еиҿцәажәарала иҟарҵаз гәҭакылатәи ауаҩшьра", "Иҭҟьо абџьар изакәанымкәа аҵәахреи аныҟәгареи", "Гәыԥҩык ауаа заанаҵтәи еиҿцәажәарала ауаҩшьра аҽазышәара".

Ашьаус аҭҵаара иаҿуп Аҟәа апрокуратура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рмнистрра аоперативтә усбарҭақәа адҵақәа рыҭоуп аишьцәа Ԥанцулаиаа раанкыларазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0