Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа автобусқәа шрызшахо

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ахәаша, ԥхынгәы 19 рзы Гәдоуҭа араионахь иусутә ныҟәараҟны ицыз Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит ақыҭақәа автобус ҿыцқәа шрызшахо.
Sputnik
Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа автобусқәа шрызшахо

"Иахьа араион иарҭеит автобусқәа фба. Урҭ рахьынтә хԥа ақыҭақәа рзы, егьырҭ хԥа ақыҭа школқәа ирырҭоит. Ишдыру еиԥш, жәашықәса ҵуеит шьҭа ақыҭақәа рахь ибжьоу автобусқәа рымԥсахыижьҭеи. Урҭ реиҭашьақәыргылара аԥара рацәа аҭахын. Макьана иззыршо ақыҭақәа еилкаам. Араион ахада Руслан Ладариа иҳаиҭаз адыррала зегь раасҭа завтобусқәа ихахьоу ирыҭахоит. Араион аҟны ҩажәа қыҭа инареиҳаны рҭагылазаашьа еиԥшуп зегьы ирҭахуп автобусқәа, аха агәыӷра ыҟоуп ҳаԥхьаҟа уажәы измаузгьы ироуеит ҳәа. Иара убас араион аҟны иҟоу ақыҭа школқәа рҟынтәи иахьазы автобусла еиқәыршәоу 7-8 роуп", -  лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Ахәаша ԥхынгәы 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба Гәдоуҭа араион ахь иныҟәараан дырҭааит зеиҭашьақәыргылара иаҿу Лыхнытәи абжьаратә школи Гәдоуҭатәи ахԥатәи ашколи, игәеиҭеит ҿыц иҟаҵоу ацҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит абра: