Аԥсны араионқәа транспорт ҿыцла еиқәдыршәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРашәара 18, 2019 шықәсазы Аԥсныҟа иаагаз автобусқәа
Рашәара 18, 2019 шықәсазы Аԥсныҟа иаагаз автобусқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа автобус ҿыцқәа шроузи уи ареспублика атранспорттә проблема шаӡбои ртәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи Ахақәиҭра ашҭаҿы шьыжьнаҵы ирбарҭан еицрыхәхәа игылаз автобус ҿыцқәа. Урҭ Аԥсныҟа иааган Ҭаҭарсҭанынтәи ҳреспублика аиҳабыра рыҳәарала.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсныҟа иаагоу автобус ҿыцқәа
Аԥсны араионқәа транспорт ҿыцла еиқәдыршәеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа иаагоу автобус ҿыцқәа

Заанаҵ арахь иааиз ажурналистцәа ирҭахын автобусқәа ирҭаланы изеиԥшроу рбар, аха атранспорт рыҭара аофициалтә церемонианӡа уи алыршамызт, рышәқәа аркын.

 КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Амашьынарныҟәцаҩцәа рзы аиԥшратә документқәа аларгалоит

Атранспорт ҿыц атәыла аҭара ацеремониахь иааит атәыла аиҳабыра, араионқәа рхадацәа. Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа илҳәеит аибашьра ашьҭахь автобустә парк шыдмырҿыцыцыз.

"Ҳара ҳгәы иҭоуп амаршрутқәа "Тҟәарчал-Аҟәа", "Тҟәарчал-Ԥсоу" хацҳаркырц", - лҳәеит Чачхалиаԥҳа.

Афон ақалақь аиҳабы Феликс Дауҭиагьы, ҭабуп ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит рықалақь аҟны уаанӡа автобус шымныҟәоз, уажәшьҭа уи иқәынхо ауааԥсыреи аԥсшьаҩцәеи рҭагылазаашьа акыр ишеиӷьхо. Иара убас ԥыҭрак ашьҭахь ашколтә автобусгьы ишазыԥшу дазааҭгылеит.

Амашьынарныҟәцаҩцәа ракәзар, ргәырӷьара рзыҵәахуамызт ижәытәу атранспорт ааныжьны аҿыц ахь иахьиасуаз.

"Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп абри аус еиҿызкааз зегьы. Асеиԥш иҟоу амашьына аус алаура гәахәароуп", - иҳәеит ҩынҩажәи хәба шықәса машьынарныҟәцаҩыс аус зухьо Николаи Аршба.

Аԥыза-министр Валери Бганба далацәажәеит автобусқәа шааргаз, урҭ ара ишеихшахо атәы.

"20 автобус ҳауит. Урҭ рҟынтәи хәба-хәба Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа ироуеит, хәба - Аҟәа, хԥа - Тҟәарчал, акы - Очамчыра, акы - ААУ", - иҳәеит Валери Бганба.

Арҭ рыдагьы еиҭа ирзыԥшуп жәаха автобус. Урҭ Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа иныҟәалоит.

Хьециаԥҳа: ауаа рымҩангараҿы ршәарҭадара зегьы ирыцку зҵаароуп>>

Ԥхынгәымзазы иаараны иҟоуп 15 школтә автобуси 14 қыҭа автобуси.

Автобусқәа раахәара иақәхарџьуп 162 миллион мааҭ.

"Автобустә парк ажәхьан. Ирҿыцтәын. Ари атранспорт ҳауаажәлари ҳасасцәеи рныҟәара арманшәалоит, атуристтә усхкгьы иацхраауеит", - иҳәеит атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба.

Атранспорт азы аусбарҭа аиҳабы Робсҭан Габлиа иазгәеиҭеит арҭ автобусқәа ҳаамҭа ишақәшәо.

Акурорттә сезон аан гагратәи ацхыраара ласы абригадақәа ирыцҵахоит>>

"Иааз атранспорт иҭарҭәо абылтәы адизель ауп, уи иабзоураны урҭ русура иақәырӡхо ахарџь еиҳа еиҵахоит. Уаанӡа иҟаз автобусқәагьы ахархәара макьана ирыҭахоит, аха аҿыцгьы ааҳамхәар ауамызт", - иҳәеит Габлиа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0