Аныҳәатә хәылԥазы, аконцерт: абираҟ амш азгәаҭахоит Аҟәа

Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, асахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа иескиз ала.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Абираҟ амш азгәарҭоит Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы аныҳәатә хәылԥазы алеи Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы ажәлар рынеиааиралеи ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит Акультура аминистрраҿы.

Ԥхынгәы 23 асааҭ 16:00 рзы Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы аныҳәатә хәылԥазы мҩаԥгахоит. Иара иалахәхоит аестрадатә коллективқәеи ашәаҳәаҩцәеи. Аныҳәа иацҵахоит Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы. Аратәи аныҳәатә уснагӡатәқәа еиҿнакаауеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.

"Аинтерес зҵоу апрограмма еиҿкаахоит. Апрограмма иалахәхоит Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр. Аԥшаҳәа ахы-аҵыхәа абираҟ аҭоурых атәы зныԥшуа аинформациатә стендқәа ықәыргылахоит. Еиҿкаахоит аҳҭнықалақь аԥшәмацәеи асасцәеи злахәхар рылшо афлешмобқәа", - Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Иара аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара иасимволуп. Иаарту амаҿа шкәакәа 12 шәышықәса инарзынаԥшуа ақәра змоу аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Ацәаҳәа иаҵәақәеи ашкәакәақәеи аҿареи адоуҳареи ирсимволуп. Хә-кәакьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны аҭоурыхтә раионқәа: Саӡ, Бзыԥ, Гәма, Абжьыуаа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибга ирсимволуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: