Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лазԥҳа: ҳмузеи аҟны ҳазхыҽхәаша абираҟқәа ыҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюдмила Лазба
Людмила Лазба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бираҟ ҳажәлар рзы ҵакыс иамоу, насгьы амузеи аҟны ирымоу абираҟқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Арӡынба ихьӡ зхыу аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩ Лиудмила Лазԥҳа.
Лазԥҳа: ҳмузеи аҟны ҳазхыҽхәаша абираҟқәа ыҟоуп

"Аибашьреи ҳбираҟи иузеиҟәымҭхо еидҳәалоуп. Ҳбираҟ азы аҷкәынцәа ҭахон. Ҳара аибашьра здыруа, изхызгаз ҳауп, аха ҳмоҭацәа ҳбираҟ ҳацкьыс ихагаланы, иаҳагьы бзиа ирбо иҟалар сҭахыуп.  Ииуль 23 — абираҟ амш аҽны аԥсуа маҭәа иаҳа пату ақәҵаны, изышәҵаны аныҳәахь инеиуа ахьырацәоу акыр иаԥсоуп.

Ҳара ҳмузеи аҟны иҟоуп ҳазхыҽхәаша абираҟқәа.  Урҭ руак аԥхьа ирӡахқәаз иреиуоп,  Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапылаҩыра ануп. Иҳамоуп еибашьуаз агәыԥкәа "Шьараҭыни", "Дельфини" рбираҟқәа, амшын аҟны аџьабаа збаз, акатер хәыҷкәа ирықәтәаны аӷбақәа ҭҟәаны иаазгоз, амшын аҳәаа зыхьчоз рбираҟ.  Уи гәыԥҩык зықәрахь инеихьоу ахацәа заманақәа иҳазнаргеит. Инаганы иҳарҭеит, ҳаицәажәеит, арахь дара цаӡом. Иҟалаз ҳзеилымкааит амузеи аусзуҩцәа ҳнеихәаԥшы-ааихәаԥшит. Дара ракәзар, игылоуп, ицаӡом.  Нас рҽаариашаны ацәаҳәа инықәгылеит.  Ихьысҳәогьы сгәы ԥшаауеит, инеины аӡәаӡәала абираҟ гәыдкыланы ицон. Убас ҳарҳәеит: "Абри ҳгәы ахәҭак амхны инҳажьызшәа ҳаҟоуп." Исхашҭӡом", — лҳәеит Лазԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0