Сыҷынааԥҳа: ахаҵа хынтә аиқәшәараан ажәак изымҳәеит, аха ԥҳәыс дизаазгеит
© Sputnik
"Аҭаацәарақәа раԥҵараҟны сгәанагарала иҟоуп ақьаӷьариа дахьаҭахыу, иара убас дахьаҭахым. Иҟоуп еилҟьоу ауаа, иҟоуп зынӡа иԥхашьаны изымцәажәогьы аҷкәынцәа. Ԥҳәыс дизаазгеит 50 шықәса зхыҵуаз, лара 33 шықәса лхыҵуан. Ажәак изҳәомызт, иахьа уӡбахә лзеиҭасҳәоит аҭыԥҳәа ҳәа аниасҳәоз, мап икуан. Хынтә аиқәшәарақәа раан ажәак имҳәеит, дҿаҳазар ҳәа дҵааит лара, дҿаҳаӡам, дшыԥхашьоз убон. Убасгьы аԥҳәыс дыззамгац рыбжьара ирацәаҩуп ацраҳәақәа змоу, урҭ аҳәсақәа иоурыжьӡом. Егьыс 50-55 шықәса зхыҵуа аҭыԥҳа дшигәаԥхаз иблақәа ркәеицеирала иаразнак издыруеит", - ҳәа азгәалҭеит ақьаӷьариа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьа ҟалоит:
- Ақьаӷьариа Басныкԥҳа: ахаҵа иқәра шыҟоу идыруеит, аха акыр еиҵбу аҭыԥҳа диҭахуп
- Валентина Гыцԥҳа: шьыри, ақьаӷьариа иахьагьы дҳаманда