Валентина Гыцԥҳа: шьыри, ақьаӷьариа иахьагьы дҳаманда

© Sputnik Саида ЖибаВалентина Гыцԥҳа
Валентина Гыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭаацәара ҿыц ашьақәгылараҿы, аԥсуаа рыбзазараҿы аҭыԥ лыман ақьаӷьариа. Уи иналыгӡоз ауси, лнапы ианырҵози, ҭакԥхықәрас илыдызи дырзааҭгылеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, акыр шықәса аԥсуара маҭәарк аҳасабала имҩаԥызгоз, Ахьӡ-аԥша аорден III-тәи аҩаӡара занашьоу Валентина Камшь-иԥҳа Гыцԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Шәышықәса раԥхьа, аԥсуаа рҟны аҭыԥ ҷыда аанылкылон ақьаӷьариа. Лара еишьашәалоз, еинаалоз аҭаацәарақәа рҟнытә, қәралеи, ԥшралеи-сахьалеи, ааӡаралеи, анаҩс ҵаралеи еиқәнагоз арԥыси аԥҳәызбеи реибаргаразы абжьацәажәарақәа мҩаԥылгон.

Отдел этнографии абхазского государственного музея - Sputnik Аҧсны
Амҳаразы ҩ-гәаанагарак

Ианакәызаалак ақьаӷьариа ганк аҟны аиуара лыман, ма арԥыс ила, ма аԥҳәызба лыла. Убри аҟнытә, аҭынха бзиа дишьҭалон. Еибылҭар илҭахыз анақәшаҳаҭхалак, "ахәҷымҷ" рыбжьылгон.

"Арԥыс ақьаӷьариа илыҭаны, аԥҳәызба илзишьҭуан асаркьа, ахҳәа, ачабра, лара лакәзар изаалышьҭуан лнапала илԥоз ахәмаџьар. Урҭгьы рхатә ҵакы рыман. Аԥҳәызба илзынархаз – еснагь деиҿкааӡа, лхы ҳәаны, ачабрала лҿы рыцқьаны, асаркьа анԥшылара лгәаԥхо, лыԥшәма изы лыҽлырԥшӡалааит акәын иаанагоз. Арԥыс изышьҭыз ахәамџьар — иахьаҭахым, иахьақәнагам иеиқәа дымлахарц (аган ахь дымныҟәарц) ауп изызкыз", — ҳәа ҳаиллыркааит Валентина Гыцԥҳа.

Иахьатәи ҳаамҭазы ирацәахеит еилыҵуа аҭаацәарақәа. Ахәыҷқәа зыбжьагылоу ракәзар, рыхшара анахь-арахь ирыхо, аӡәырҩы иахәҭоу ааӡара рызрыҭом, ибжамҽамны аԥсҭазаара иаларҵоит. Убри зыхҟьо, зынӡа еиқәнагам ахьеибаго ауп ҳәа азылԥхьаӡоит аԥсуара арҵаҩы.

"Ақьаӷьариа лыбзоурала иаԥҵахоз аҭаацәарақәагьы анеиқәымшәалоз ҟалалон, аха лара, знык еибылҭоз арԥыси аԥҳәызбеи ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаараҿгьы аҭакԥхықәра лыдны лхы лԥхьаӡон. Убри аҟнытә, аилыҵранӡа инеиуаз маҷӡан. Ҩаԥхьа дрыбжьацәажәон, дрылабжьон, рҭаацәа еиқәлырхон, ианлылымшоз акырӡа ихьымӡӷылшьон, лаҳаҭыр ланарҟәуан", — ҳәа азгәалҭоит Валентина Камшь-иԥҳа.

Зус маншәалаз ақьаӷьариа егьырҭ лыуацәагьы анлыдҵаалоз ыҟан. Лара хәба-фба ҭаацәара ҿыц риира дацхраауан.

Ақьаӷьариа лыбзоурала еибагоз аҭаацәа ракәзар, еснагь лганахь ҳаҭыр аадырԥшуан, ацәгьеи-абзиеи рҿы илывагылан, еиҳагьы реиуара аҽарӷәӷәон.

Ажәабжьқәа зегьы
0