"Аибашьра ашьҭахь иааҳарҭит аҳаԥы, аԥхьа зынӡа аӡәгьы дааӡомызт, анаҩс хәыҷы-хәыҷла иалагеит. 2015-2016 шықәса рзы ибзиан аҭааҩцәа ҳаман, уажә аԥсшьаҩцәа ҳамоуп, аха ҵыԥх аасҭа сынтәа еиӷьхап ҳәа ҳшақәгәыӷуаз еиԥш иҟам. Автобусқәа рыла аекскурсиақәа ыҟам, амашьына хәыҷқәа рыла иаауа аауеит, егьыс, иаадкыланы аԥсшьаҩцәа ҳауам. Лаҵарамза инаркны аҳаԥы аартуп, иахьанӡа хәышә-ҩык роуп иаҭаахьоу. Ари ахыԥхьаӡара даара имаҷуп. Аҳаԥы аҭаларазы ахәԥса Очамчыра араион адепутатцәа ишьақәдыргылаз ала - 250 мааҭ иаԥсоуп. Ахәыҷкәа ракәзар, аашықәса зхыҵуа рҟынӡа идҳаршәом, еиҳабацәоу 100 мааҭк. Ахәыҷқәа аҳаԥы ргәаԥхоит, имшәаӡакәа иҭалоит. Адуцәа рҟнытә иҟоуп аҭалара ззымгәаӷьуа", – ҳәа еиҭеиҳәеит Адлеиба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Адлеиба: Отаԥтәи аҳаԥы иаҭаауа рыдкылара ҳазхиоуп зегь рыла
- Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит