Адлеиба: Отаԥтәи аҳаԥы иаҭаауа рыдкылара ҳазхиоуп зегь рыла
"Сынтәа атуристцәа ирацәаҩны иаауеит ҳәа ҳгәыӷуан, аха иалымҵит. Аурысцәа иаауа иазгәарҭоит, сынтәа ирацәаҩны Ҟрым иаадыртыз ацҳа гәарҭарц ишцаз, аха ҳаԥыхьаҟа ҳцом, арахь ҳаауеит ҳәа азгәарҭоит. Сынтәа зықьҩык рҟынӡа роуп иҳадаҳкылахьоу, ҵыԥх уажәааны ҩ-нызқьҩык рҟынӡа аахьан. Егьыс аҳаԥы иаҭаауа рыдкылара ҳазхиоуп зегь рыла", — иҳәеит Адлеиба.