АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәеи Афон ҿыци ирбо иалагеит аевкалипт абыӷьқәа ирԥырхагоу аҵымса. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аетимологиа алабораториа аиҳабы Михаил Қриа.
Аҟазауаҩ иажәақәа рыла, раԥхьаӡа акәны иара рбеит ԥхынгәы алагамҭаз. Аевколипттә ҵымса Аԥсныҟа иаанагеит Шәачантәи. Иара уахь иқәнагалеит Аолимпиатә хәмаррақәа рыламҭалаз иааргоз аҵиаақәа ирылакны.
Аҵымса аԥсадгьыл - Австралиа ауп. Иара цәиаҵәоуп, 2-3 миллиметр иҟоуп. Иҟанаҵо аԥырхага убоит аевкалипт абыӷьқәа ашкәакәа кәаԥқәа анрықәнаԥсалак ашьҭахь. Аҵла ахаҭа ԥырхага анаҭом. Аҵымса иаҿагыло аҭыԥантәи аетномофагқәа роуп.
"Анцәа иџьшьаны, ишаабо ала аҭыԥантәи аԥсаатә ари аҵымса рфоит. Агәыӷра ҳамоуп аҭыԥантәи аентомофаг иара ақәӡаара иалахәхап ҳәа", - еиҭеиҳәоит Қриа.
Уи адагьы иалшоит аҵлақәа ахимиатә хәышәтәра рыҭара, аха уи ақалақь аҩнуҵҟа ауадаҩрақәа цәырнагоит.
Аевкалипттә ҵымса жәамш иреиҳамкәаноуп аԥсы ахьҭоу. Аха абри аамҭазы 700 рҟынӡа кәтаӷь хнахуеит.
Қриа иазгәеиҭеит апроблема Аԥсны амшын аԥшаҳәа иаҵанакуа аҭыԥқәа зегьы аҵанакыр шалшо.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Дбар еиҭеиҳәеит аевкалипт ԥырхага азҭо ахәаҷамаҷа ҿыц ахьынӡашәарҭоу атәы
Кәарцхьиа иҳәеит амармалташьтә пты ықәызго ахәшә ауаҩы иԥырхагамхарц иаҭаху
Кәарҷиа: ақыҭанхамҩаҿы иҳамам аҵарадырра змоу аспециалистцәа