Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа: ақыҭанхамҩаҿы иҳамам аҵарадырра змоу аспециалистцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кәарҷиа
Абессалом Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩаҿы иҳамаӡам аспециалистцәа, урҭ рыҟамзаара даара иаҳныԥшуеит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа.
Кәарҷиа: ақыҭанхаҩаҿы иҳамам аҵарадырра змоу аспециалистцәа

"Иахьа аԥсуа нхаҩы жәаа занааҭ раҟара идыруазароуп. Акәты, арахә, ауҭраҭых, абаҳча уҳәа рааӡара атәы. Ари аԥышәа, аџьабаа ду аҭахуп. Араса иахьа иҵаҳхыргьы ацымхәра еиҭаҳатәуп, аха иарбан культуроу иҟаҵатәу, издыруада?  Исаҳаит ала иҟаҵатәым. Ақыҭанхаҩы дҟьалан дыҟоуп, иҟаиҵара издыруам. Аҳәынҭқарра ажәа аҳәароуп, издыруа ауаа ыҟазароуп, зегьы рыхшыҩ еидыркылар, аԥышәа ҟалоит. Иахьа аҵарадырра змоу агрономцәа, аентомологцәа ҳамам, аҵара дырҵатәуп, иааӡатәуп. Аҵиаақәа ауаа реиԥш ичмазаҩхоит, урҭ хәышәтәтәуп, ирнымаало ахәшәқәа еилкаатәуп. Ҳара ԥышәарала ауп ҳашцәажәо, уаҵәы иҟало аӡәгьы издырӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0