Арадио

Дамениа Аԥсны абираҟ азы: Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿагылараҿы иаӡбаз рацәоуп

Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарра асимвол хадақәа руак абираҟ адкылара шыҟалаз атәы.
Sputnik
Дамениа Аԥсны абираҟ азы: Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿагылараҿы иаӡбаз рацәоуп

"Абираҟ егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны уи аҟара аҵакы амамзар ҟалап, ҳара ҳҟны шаҟа амоу аҟара, ҳара иҳаман абираҟ ажәытәгьы, Аԥсны асовет мчра анышьақәгылозгьы, аха нас иҳамырхит. Абираҟи агерби ҩаԥхьа ашьақәыргылара усҟантәи аамҭаз аҵак ду аман, амчгьы аман. Ажәларгьы еигәырӷьаны ирыдыркылеит уи ажәабжь, даҽакалагьы ҟалашьа амамызт, избанзар, Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿагылара даара иӷәӷәан", - ҳәа азгәеиҭеит Дамениа.

Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы еиҭеиҳәеит раԥхьаӡа акәны абираҟ аӡыргара шаҟа цәанырра аҵаз.      

"Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы иҟаз ауаа маҷмызт, ақырҭуа адепутатцәа, аполитикцәа. Ареспубликатә стадион аҿы иара раԥхьаӡа акәны иӡырган, даара гәахәарыла имҩаԥысит уи анаҳәа, анаҩс телехәаԥшралагьы ажәлар идырбан", - игәалаиршәоит Дамениа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.