АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik. Ҟрымтәи ацҳа аԥхынра иалагӡаны миллионк инеиҳаны амашьына ықәсит ҳәа аанацҳауеит аинфоцентр "Крымский мост".
"Рашәарамзеи ԥхынгәымза аԥхьатәи ахымчыбжьи рыҩнуҵҟа Ҟрымтәи ацҳа иқәсит 1,057 миллион машьына. Урҭ рҟынтәи автобусқәа - 14 000, аидарамҩангагақәа - 115 000", – аҳәоит адырраҭара.
Уи адагьы аинфоцентр аҿы иазгәарҭеит аԥхынразы атрафик ҩынтәны еиҳахеит ааԥынтәи атрафик аасҭа.
Ҟрымтәи ацҳаҟны аихамҩатә цәаҳәа шьҭарҵеит>>
Рашәарамзазы Ҟрымтәи ацҳа иқәсит 518 000 автомашьына, уи ҵыԥхтәи ашықәс иаҿурԥшуазар, 13 % рыла еиҳауп. Ԥхынгәымза ҳҭалеижьҭеи ацҳа иқәсхьеит 537 000 машьына ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Ацҳа аусура иаалагазар - лаҵара 16 2018 шықәса раахыс - уи иқәсхьеит ф-миллионк инеиҳаны амашьынақәа.
Ҟрымтәи ацҳа аура 19 километр артәоит. Ацҳаҿ автомобилтә мҩеиԥш аихамҩагьы аусура хацнаркраны иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:
- Иурченко: Аԥсныи Ҟрыми аиндаҭлара рзаԥсам
Ҳагба: Ҟрым Урыстәыла адлара агеополитикатә ҭагылазаашьа аԥсахра иахҟьеит
Ҟрымтәи ацҳала адәыӷбақәа аныҟәара ианалаго арыцхә ҳәоуп